Print this page

Сентиабр 9 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Ҟабарда-Балкариаҟа днеит

Цәыббра 16, 2022 235

Административтә ҳәааҿы Аҧснытәи аделегациа дырҧылеит Ҟабарда-Балкартәи Ареспублика Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Муаед Кунижев.

Асасцәа ирҧылеит чеиџьыкала, амилаҭтә ашәақәеи акәашарақәеи рыла.

Аслан Бжьаниеи Аҧснытәи аделегациа иалоуи аҭааит Бақсан ақалақь аҟны иҟоу алегенда иаҩызоу аполкҧыза Сулҭан Сосналиев инышәынҭра, уаҟа ашәҭқәа шьҭарҵеит.

"Сулҭан Сосналиев – аҟабарда жәлари Кавказ зегьи рҵеи ду иоуп. Уи хәызмаӡам аҭыҧ ааникылеит ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы, ҳара ҳмилаҭтә фырхаҵа иоуп. Ҳгәы иладууп. Абри агәадура раҳҭоит ҳхәыҷқәа, ҧхьаҟатәи абиҧарақәа", –  иаҵишьит Аслан Бжьаниа.

Иара убас уи дырҭааит Мусса Шанибови, Заур Налоеви, Бисарби Бжанокови, Муҳамед Кушхови рнышәынҭрақәа.


Сентиабр 10 азы Аслан Бжьаниеи Аҧснытәи аделегациеи Нальчик, Аҧсны Ашҭаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Ҟабарда-Балкариа аҟынтәи хатәгәаҧхарала аибашьцәа рбаҟаҿы, иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.

Бжьаниа иара убас ҳаҭыр ақәиҵеит Ҟабарда-Балкартәи Ареспублика Раҧхьатәи Ахада Валери Коков игәалашәара, инышәынҭраҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас дырҭааит Ҟабарда-Балкартәи  Аграртә университети Амилаҭтә культуратә центр "Аҧсни". Ацентр анапхгаҩы Инга Кацба-Гучаҧшева далацәажәеит ацентр аусура, инарыгӡауа апроектқәа ртәы.

Ахада дырҧылеит Ҟабарда-Балкариа аҧсуа-абаза диаспора еидызкылауа ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, "1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа" реиҿкаара ахаҭарнакцәа. Уи аиҧылара иалахәыз Ҟабарда-Балкартәи Ареспублика 100 шықәса ахыҵра аиубилеи рыдиныҳәалеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵишьит Аҧсни Ҟабардеи рыжәларқәа аиҩызареи, аешьареи, аилибакаареи шрыбжьоу. "Аҧсны жәлар еснагь ҭабуп ҳәа рҳәоит иануадаҩыз аамҭазы иҳацхрааз хатәгәаҧхарала аибашьцәа, иргәаладыршәоит иахьа иҳалагылам. Ари ахаан аӡәгьы ихашҭӡом. Ҭабуп ҳәа расҳәоит иаҧсоу аҵеицәа зааӡаз анацәа, абацәа", – иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа. Уи иара убас аиҧылара иалахәыз рызҵаарақәа аҭак ҟаиҵеит.

Аҳәынҭқарра Ахада аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа жәпакы рнапаҿы ириҭеит.

Акультуреи аҟазареи рырҿиараҿы алагаламҭазы, Кавказ ажәларқәа ркультура аларҵәаразы акәашара Аҳәынҭқарра академиатә ансамбль "Кабардинка" ианашьоуп "Ахьӡ-Аҧша" аорден ахҧатәи аҩаӡара.

Иара убри аҽны ихыркәшан Аслан Бжьаниа Ҟабарда-Балкартәи ареспубликахь иныҟәара.