Print this page

Шәыҧсышәшьарц шәҭахызар Ӡыгәҭа ақыҭан – аҧсшьарҭа ҿыц

Цәыббра 08, 2022 218

 

Ааигәа, Аҟәа араион ажәытә қыҭа Ӡыгәҭа аилахәыра "Гаруда" агәыҧ иаанартит ҧшь-еҵәак змоу, аҧсшьарҭа хкы ҿыц "Глемпинг" (акемпинг ахкқәа иреиуоуп, асасааирҭаҿтәи аманшәаларақәа амҽханакуеит, аҧсабараҿы аҧсшьара иахәҭакуп) ҳәа изышьҭоу. Акомплекс аиҳабы Гьаргь Ачба "Аҧсныпресс" иеиҭаз аинтервиу аҟны дазааҭгылт. "Аҭыҧ иаҵанакуеит 12 гектар. Ҳазну аамҭазы иргылоуп аҩнхәыҷқәа 50, ҩыџьа-ҩыџьа рҭыҧ змоу. Ҳкомплекс зегьы 200-ҩык аҧсшьацәа  акуеит".

Абри аидеиа шцәырҵыз далацәажәо иҳәеит, ихаҭа акыр шықәса раахыс атуристтә бизнес инапы шалаку. Зны машәыршәа аглемпинг аҟны  днанагеит, даара игәаҧхеит. Ҧыҭраамҭак анҵы иара иҩыза, аилахәыра "Интурист" анапхгаҩы иабжьигеит аҧсшьара абри ахкы дазхьаҧшырц. Даднахалеит, илаирхеит, иҩаирхеит. Иҟалаз убри ауп, асеиҧш иҟоу  апроектқәа ирласны рыргылара ауазаап, насгьы ҷыдала апандемиа аан, арҭ рҩызцәа аҭыҧқәа ирыдрыҧхьало  рацәаҩызаап. "Хымш ааҵхьан еиҧш, аҭел сасны иасҳәеит апроект анагӡара сшазхиоу. – Ари адгьыл шәара ишәтәума? – дсазҵааит иара. – Ааи, аибашьра ҟалаанӡагьы ҳҭаацәа иртәын, иааҳхәеит 1987  шықәсазы".

Гьаргь Ачба игәы иҭан убраҟа аферма ма адача аргылара, аха аглемпинг азы ари  адгьылҵакыра даара ианаалон. Раҧхьатәи аҵәҩан адырсит апрель 17 азы, ииуль 1 азы акәзар, раҧхьатәи атуристцәа ҩнарҵеит. Аргылара аан проблемақәаны изыниаз иреиуоуп: ҧсабарала аҭыҧ  аиҿартәышьа, ашьақәгылашьа ауадаҩра, нас ааҧынра инаркны аҧхынра абжаразынӡа – ақәаурақәа. Адгьыл нышәаҧшьуп, ақәаурақәа рышьҭахь адырҩаҽны аусура рцәыцәгьан. Аҳауа зеиҧшраз иамыхәаҧшыкәа аус руан. Мышкы бжьынтә раҟара  рҽанеиҭаркуаз ыҟан.

"Даҽакала ҟалашьа амамызт. Аинвестор аҧара имухуазар, уажәа уамеижьароуп, узҵалаз аидара уаҵыҵыроуп. Имҩаҧгоу аусқәа рыхәҧса иартәоит инықәырҧшшәа 75 миллион мааҭ. Ари апроект раҧхьатәи ахәҭа заҵәык ауп", – иазгәеиҭеит акомплекс аиҳабы.

Русқәа рымҽхак иҵегьы арҭбаара иашьҭоуп. Идыргылараны иҟоуп аҩнхәыҷқәа даҽа 100. Ҳаамҭазы аҧсшьацәа ара индырхоит, акрырҿарҵоит, ирымоуп аӡҭачы, аурыс ҽыкәабарҭақәа ҩба. Аҧхьа дара азхәыцуан, аҧсшьацәа рхәы ааганы  рыфара-рыжәра  еиҿыркаарц, аха дара ирыӡбеит иара убраҵәҟьа амаҵурҭа еиқәдыршәарц. Иахьазы акымзарак рыгымкәа иҟам, аха иубоит урҭ рхықәкы ишацәхьамҵуа. Аҧсшьара хәыҧсас ирзақәуп уахыки-ҽнаки 8000 мааҭ.

"Ҳкаруаҭқәа, ҳгәабанқәа бзиоуп, иара убас ҳцәарҭа. Абригьы акраҵанакуеит ҳәа исыҧхьаӡоит, избанзар ауаҩы иҧсы анишьо ицәа хаазароуп, дааҧшуазароуп ихы-игәы алаҟаны. Ҩныцыҧхьаӡа  иамоуп аҽыкәабарҭа, аӡхьыршарҭа, акондиционер. Абарҭқәа рыла  ауп акемпинг излеиҧшым аглемпинг", – иажәа наигӡон Гьаргь Ачба.

Иаҳҳәап,  абри аглемпинг  аҟны аҧсшьаҩы заа аномер ааникылар иҭахуп. Уи мариаӡазаап. Дара асаитқәа рымоуп. Мамзаргьы  ирзыҧшузеи, ари аҭыҧ иаҿцааларц зылшо ауааҧсыра?  Араҟа ирымоуп аннимациатә программақәа, ус анакәха, зхәыҷқәа зманы ирҭаауа иаҳагьы ирзыманшәалоуп. Аҿарацәа, шьха мҩахәасҭала аныҟәара  иазгәышьуа, ара иахьынаҧш-ааҧшуа ирбо аҧшӡара ихнахуеит. Ирҭахызар –  ҽылагьы. Аҧсшьацәа ршәарҭадарагьы еиҿкаауп. "Ҳадгьылҵакыра зегьы хкаауп, уахи-ҽни ҳәа еилых ҟамҵакәа 10-ҩык ахьчаҩцәа аус руеит, иаарласны видеола ахылаҧшра асистема шьақәҳаргылоит. Иаахтны иуҳәозар, ҳглемпинг убри аҩыза  аҭыҧ аҟны иҟоуп, уахь баша  неишьа умаӡам. Зегьы унапсыргәыҵа иқәушәа иубоит", – ҷыдала ашәарҭара дазааҭгыло иаҵишьит акомплекс аиҳабы.

Аофициалла аартра иалагаанӡа иааҧхьаз асасцәеи аҧсшьацәеи ргәы дмырҿыҕьырц азы, ачаџьқәа адкыланы ачаи ҧхеи-ҧхеи ддыржәит, анард иасит, абыргцәа ирацәажәеит, амилаҭтә кәашарақәа ирыхәаҧшит, аглемпинг злеиҿкаау, излашьақәгылоу ддырбеит. Ирзеиҭарҳәеит Аҧсни Урыстәылеи зымҽхак ҭбаау аглемпинг аҧсҭазаараҿы амҩаҧгара шымҩаҧысуаз.

"Иаабоит ари аҧсшьарҭа ҭыҧ аус шауа, насгьы аусура иалагеит иаҳзарбаз аҿҳәарақәа  ирыхмырҧакәа. Ҳгәыҕуеит, ҳҭааҩцәа ибзианы рыҧсы ршьап ҳәа аҧсабареи дареи рҽааирбны", – иҳәеит аилахәыра "Интурист" аҩнуҵҟатәи атуризм адепортамент адиректор Сергеи Стрепков.

Стрепков игәаанагарала, Аҧсныҟа есышықәса хыҧхьаӡара рацәаҩыла рхы дырхоит, аха дара аҭыҧқәа ахьылырхуа анҭыҵ иҟам арлахҿыхырҭақәа, аквапаркқәа, ҭаацәаныла рыҧсы ахьыршьаша. Абас иҟазаргьы, аинвесторцәа Аҧсны ргәаҧхоит.

Убра иҟаз Урыстәыла Аҳәынҭдума адепутат, атуризми, атуристтә инфраструктура  арҿиареи рзы аилак алахәыла Алеқсеи Волоцков иазгәеиҭеит Урыстәыла шадгыло Аҧсны абасеиҧш иҟоу атуристтә обиектқәа рырҿиара. "Ҳара абри аҩыза апроектқәа ҳрыдгылароуп, избанзар Аҧсныҟа иаауа атуристцәа 95% Урыстәылаа роуп. Еилаҳкаауеит ара ишаҭаху  аинфраструктура бзиа аобиектқәа. Абри  апроект убарҭ адҵақәа ирықәшәоит, иҿыцуп, аҩаӡара ҳаракуп. Агәра ганы сыҟоуп, есышықәса арахь иаауа атуристцәа рхыҧхьаӡара ишацло", – иаҵишьит адепутат.

Аҧсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба иазгәеиҭеит аглемпинг аҵакыраҿы аобиектқәа зегьы шыргылоу екологиала ицқьоу амаҭәахәқәа ирылхны. "Абри апроект аҟны аҧхьа игылоуп аекологиа. Ари уаҩы дамеигәырҕьарц залшом. Атәыла анапхгара  рыдгылоит аҧсабара аҧшӡара еиқәзырхо апроектқәа. Есышықәса Аҧсныҟа иаауа атуристцәа  рхыҧхьаӡара иацлоит. Сгәыҕуеит, аглемпингқәа Аҧсны иахьабалак еиҿыркаауеит ҳәа, иаҳараӡак Мрагыларатәи ахәҭаҿы", – иҳәеит иара.


Акьыҧхь иазирхиеит Б.ҚаЏЬиа