Print this page

Амобилтә ҭели ашьцылареи

Цәыббра 08, 2022 233

Сыззааҭгыло атема аҿар ҧыҭҩык ирыдрымкылар ҟалап. Аха аиҳабацәа шсықәшаҳаҭхо агәра згоит. Ари атема сгәы иҵхоижьҭеи акрааҵуеит. Аӡәы имҩыц имҳәац ҳәагьы сызҳәом. Аха сахьынаҧш-ааҧшуа избо аҿар, ахәыҷқәа, иара убас аиҳабацәагьы ҧыҭҩык, убраанӡа аҭел ахархәара иамҽханакны, ирылаҽны иҟоуп, амҩа иахьану амашьына иаҵаҳауазаргьы рбом. Абраҟа зынӡаскгьы сгәы иҭам аҿыц цәырҵрақәа сырҿагылоит ҳәа аҳәара. Аха убарҭ ацәырҵрақәа инамцхәны ахархәара, иахьа еиҵагыло абиҧара ргәабзеиреи, рдырреи акыр аҧырхага анаҭар ауеит.

Ишҧаҟаз ахәыҷра, амобилтә ҭелқәа, аинтернет ҟалаанӡа? Абас иқәҳаргылозар азҵаара, зегьы шәхәыҷра шәгәалашәоит. Ақыҭараҿы аума, ақалақь аҿы аума, аишьцәа, аиҳәшьцәа, аигәылацәа хәыҷқәа еиқәҿырҭуан, адәахьы идәылҵуан еицыхәмаруан. Анацәа лабахыла аҩныҟа иҩнарцалон. Ишҧаҟоу иахьа?!  Анацәа гәаҟуеит, ахәыҷқәа аурокқәа рнаҩс аҧсшьараз ирымоу аамҭа, адәахьы индәылҵны, ҳауак ыфо ирхыргарц. Аха уаанӡа, аинтернет ҟалаанӡа, мчыла ахәыҷқәа аҩныҟа иҩнарцалозҭгьы, уажәы мчыла идәылуцалар акәхеит. Мчыла адәахьы иушьҭыргьы, унаҧшы-ааҧшыр иумбар ауӡом, убраҟагьы арҩашьыга рырҭазшәа, зегьы рҭелқәа аанкыланы иштәоу.

Есыҽны Аҳабла Ҿыц аҟны иҟоу апарк снықәсны аҩныҟа снеиуеит. Ауаа еснагь ирацәаҩуп. Аха абри атема аҩразы агәыҵхара снаҭеит, абраҟа зыҧсы зшьарц, инеиааирц идәылҵыз анацәа, ашкол аҟынтәи ихынҳәуа ахәыҷқәа уҳәа зегьы рҭелқәа  аанкыланы иахьрыхәаҧшуа. Иҵегьы асахьа шәыблаҿ иааирц иазгәасҭоит. Еидтәалоуп хҩык ахәыҷқәа, аиҵбыратә классқәа рҟны аҵара зҵо. Рыхҩыкгьы иркуп аҭелқәа. Аӡәи-аӡәи еицәажәаӡом, рҭелқәа ирныҧшылоит. Анаҩс итәоуп зыхшара зманы идәылҵыз анацәа. Убарҭгьы рҭелқәа рыла ҭраа иахәаҧшуеит, еицәажәаӡом. Анаҩс даҽа сахьак. Хҧа-ҧшьба шықәса зхыҵуа ахәыҷгьы, инапхәыҷқәа ақәырҧсны угьы ҭелк икуп. Абраҟа изыҩуа ажәак ацым, ажәак агым. Есыҽны абри апарк аҟны унеиргьы, абри аҩыза ула иамбар залшом. Абраҟа ицәырҵуеит азҵаара. Иабаҟоу аиҿцәажәара? Иабаҟоу ахәыҷқәа рецыхәмарра? Иабаҟоу агәыбылра? Егьырҭқәа ҳарҟәаҵып, аныҳәақәа аныҟоу уаанӡа  аиҭынхацәа еиҭанеиааиуазҭгьы, уажәы аҭел иасны адныҳәаларагьы рцәыуадаҩхо иалагеит, заанаҵ ирхианы иҩу атекстқәа гәыбылрак змам, хаарак зҵам, лахьҧыракыгас иузаарышьҭуеит.

Ишҧаҟоу ашколқәа рҟны иахьа ари апроблема?  Шамахамзар,  актәи акласс аҟны итәоу инадыркны аҭел зкым ҳәа аӡәгьы дубаӡом. Иара уигьы баша-маша ҭелқәам. Аҭаацәа ракәзар, ирҳәоит, ахәыҷы дахьыҟоу дызҿу аилкааразы ауп, насгьы еиҳа ҳгәы ҭынчуп ҳәа. Уахьгьы ииашам ҳәа сзаҿагылом. Насгьы аиҳабыратә классқәа рҟны аҵара зҵо аӡәи-аӡәи еиҿыҧшуеит. Аӡәы имазар егьи иҭаххоит. Аха абраҟагьы азҵаара сызцәырҵуеит. Актәи акласс аҟны итәоу ахәыҷы иабаиҭаху аҭел? Дахьыҟоу дызҿу аилкааразы дыҟоуп арҵаҩы, уи лнапы дануп, уи лоуп ахәыҷы дызҿу, иҟаиҵо уҳәа зегьы зҳәаша, аҭаацәагьы зазҵааша. Актәи акласс аҿы итәоу ахәыҷы аурок анынҵәалак, аҧсшьара аамҭазын, ахәмарра ахаҭыҧан, ишәыра хәыҷы дынҭаланы иҭел ааҭигоит, иҩызцәагьы еикәаҕҕа инаикәшаны инагылоит, мамзаргьы даргьы рҭелқәа аацәырыргоит. Убри аан доусы иику иарбан ҭелу, ахә рацәоу ирацәаму, ҳаамҭа иақәшәо иақәымшәо уҳәа акыр "азҵаарақәа" рызцәырҵуеит. Нас агәнеибархара ашҟагьы ииасуеит. Сгәанала аиҵбыратәи аклассқәа рҟны итәоу ахәыҷқәа ашкол ахь аҭелқәа рыҭаны рышьҭра иашам. Акы, зегьы реиҳа ихадоу, ргәабзеира иаҧырхагоуп. Иҩбахаз рҵара, рыхдырра ааха ҕәҕәа анаҭоит. Убри аҟнытә аҭаацәеи арҵаҩцәеи абри азҵаара аӡбара рымч ақәхоит ҳәа сгәы иаанагоит.

 Аҭелқәа  инамцхәны ахархәара агәабзеира аҧырхага шанаҭо дарбанзаалакгьы зыхдырра ыҟоу еиликаауеит. Адырра аганахьала акәзар, ааи аинформациа рацәа унаҭара алшоит. Аха убри аангьы, зыхшыҩ шәуа ахәыҷқәа, аҿар, рхала ахәыцра ахаҭыҧан,  аинтернет рхы иадырхәоит. Иаарҭаху, иарбанзаалакгьы рхианы, иҩны, иҳасабны зҳәаз еиҧш, уантәи иааҭыргоит.  Ус анакәха, рхала ианымхәыц, рыхшыҩ аус анадмыруы, хымҧада аҧхьаҟа рдыррақәа цыркьуа иалагоит. Маҷк инарџьбараны исҳәозаргьы еиҵагыло абиҧара рыхдырра еиҳа-еиҳа илаҟәуеит. Уи ус шакәхо аӡәырҩы аҵарауаа ирҳәахьеит, ирыҩхьеит.

Аинтернет ари адунеи зегьы аҟны рхы иадырхәо акоуп. Аусураҿы даараӡа акырџьара ауаҩы дшарманшәалогьы, анегатив ахьамоугьы маҷым. Маҷк атема сацәхьаҵуазаргьы, абраҟа сазааҭгылоит даҽа зҵааракгьы, уигьы зызку иахьатәи аимадара ҿыцқәа иҟалаз роуп.

"Ирдыруа зегьы рҳәом" ҳәа рҳәоит аҧсуаа ҳҟны. Аха рыцҳарас иҟалаз иаҳдыруа ҳазҭахугьы-ҳазҭахымгьы ираҳауа, ирбо, аҩра ҳалагеит. Убри аан ииашам аинформациагьы зхы иазырхәо маҷҩым.

Амилаҭқәа зегьы рхатә ҷыдарақәа шрымоу еиҧш, аҧсуаагьы иҳамоуп ҳхатә ҷыдарақәа. Ахатә ҷыдарақәа роуп, аиҧшымзаарагьы ҟазҵо. Ус анакәха, иахьа алшара шҳамоугьы иаҳҭаху аҩра, аҳәара, иаҳгәалаҳаршәап ҳаҧсуара, уи ахаангьы ҳара ҳзы закәанны ишыҟаз. Сара сгәанала, аҧсуа изы аҧсуара еиҳау закәан ыҟаӡам.

Араҟа, хыхь ишысҳәаз еиҧш, сыгәгьы иҭамызт аҿыцрақәа рҿагылара. Зыҧсҭазаара иалҵхьоу, агазеҭ "Аҧсны" аредактор хада ихаҭыҧуаҩыс иҟаз, ажурналист Владимир Ҭаниа иҳәалон "иахьа алаба кны аҩнашә улагылазаргьы, аиҭакрақәа, аҿыцрақәа мааир ҟалаӡом" ҳәа. Уи иагьиашоуп. Аха, убарҭ аҿыцрақәа, ииашаны ахархәара зегьы ирыцкуп.

Сан илҳәо саҳахьеит. Рқыҭаҿы зыла ҭыхыз хаҵак дыҟан. "Уи ихьыз жәдыруоу" ҳәа ҳалҳәеит ҳаныхәыҷқәаз. Уи иаҳзеиҭалҳәаз ахаан исхашҭӡом, ахшара рааӡараҿы иахьсыхәахьоугьы рацәоуп. Зыӡбахә ҳамоу ахаҵа, амашәыр ихьит даныхәыҷыз, убри азоуп изблак зҭыхыз. Ҧыҭк даныҩадас иан длазҵааит, ишҧасыхьи абри амашәыр ҳәа. Ан иалҳәеит уи амаркатыл дшалахәмаруаз шакәыз амашәыр шыҟалаз.  Иара усҟан аҭакс илиҭеит – изсымбымхызеи искыз амаркатыл? – ҳәа. – Уҵәыуон иумысхыр – лҳәеит ан. – Сҵәыуар сааҟәымҵрызи – ҳәа налаҭеикит. Абри аҩыза ҳмыхьааит! 


Шь. Торчуа