Print this page

Абаҟақәа рҿы – ашәҭқәа

Цәыббра 06, 2022 197

Август 26 азы Аҟәа, Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭаҵан 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан иҭахаз Рбаҟаҿы. Иҭахаз ргәаладыршәарц уахь инеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра иалоу, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҧсны иҟоу Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

Аҧсны ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш аҽны аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҳаҭыр ақәиҵеит Аҧсны актәи аҩбатәи ахадацәа – Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаҧшьи ргәалашәара. Аҟәа, аибашьцәа Рбаҟаҿы ашәҭқәа анышьҭарҵа ашьҭахь Аслан Бжьаниа Алада Ешыра ақыҭахь дцеит, ашәҭқәа шьҭеиҵеит Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Имемориал аҟны. Уи ихьӡ ауп измадоу аибашьраҿы аиааира, раҧхьатәи аибашьра ашықәсқәа раан ҵҩа змамыз ауадаҩрақәа риааира. Анаҩс Бжьаниа ихы ирхеит Сергеи Багаҧшь анышә дахьамадоу Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭахь, ҳаҭыр ақәиҵеит Аҩбатәи Ахада игәалашәара. Уи ихаан Аҧсны иалнаршеит ахьыҧшымреи аҳәынҭқарратә суверенитети жәларбжьаратәи разхаҵара.