Print this page

Аԥсуак иԥсы ҭанаҵы…

Цәыббра 06, 2022 204

Аҧсны иақәмақаруеижьҭеи иахьакәым, иацакәым. Шаҟа ацәа иҭаӡарызеи, шаҟагьы ачҳарызеи ҳ-Аҧсны ҧшӡа рыцҳа?! Убри азоуп иахьа ҳаҷкәынцәа хацәнамырха ақырҭуа фашист иҿагыланы изықәҧо. Иахьагьы афашист исахьа змоу Шеварднаӡеи Надареишвилии иреиҧшу рҩызцәагьы даргьы ргәы иажьоит, убарҭ ауаҩы ишьажәцәа ирыздыруам аҧсуак иҧсы ҭанаҵы Аҧсны аиқәырхаразы хацәнамырха дшықәҧо.

Егры аӡы шәырны аҧсуаа рдац-рҧашә ыҵаҳхуеит ҳәа Аҧсны шәалалеит. Шәызгәыдлаз зусҭцәада? Шәгәылацәа! Ирыцҳашәымшьаӡои иҭахо шәыҷкәынцәа? Ииашоуп,  иҭахоит ҳаҷкәынцәагьы, аха урҭ рхәышҭаареи рыҧсадгьыли рыхьчаразы иҭахоит. Шәарҭ? Атәым мал иашьҭаз шәыуаажәлар ҭашәырхоит.

Ҳҵеицәа гәымшәақәа, сашьцәа гәеиҵамхақәа Аҧсны зыхьчо Аҧсны агәаҟра изҭагылоу ҳацеиҩызшо зегьы уи дынхыҵтәума, уи даахыҵтәума, еиҵагыло ҳҿар раҧхьаҟатәи рҧеиҧш бзиазы иқәҧо зегьы сшәыкәыхшоуп. Иахьа Аҧсны зшьыхырц иақәлаз ҳаҕацәа рхьацара, рҭыҩра рҭацалара, рнырҵәара иаарласны шәнапаҿы иҟалааит. Аҧсны аиааира амш ҧшӡала шәаҧылааит.

Сара Очамчыра араион Ҧақәашьтәи алагарҭатә школ аҿы еиҳабыс аус зуан, аха сентиабр акы схәыҷқәеи сареи ҳзеиҧымлеит. Иара иахьагьы макьана еиҧылашьа ҳамам. Сқыҭан Аҷандара сшыҟаз август 14 рзы Аҧсны аибашьра ашьаарҵәыра иааҭгылеит, саргьы сзымцеит, саанхеит, убриижьҭеи сышкол ахь қәлашьа сзыҟамҵеит, схәыҷқәеи сареи ҳацәыхҟьеит. Аҧсны ашколхәыҷқәа азыҧшын сентиабр акы аҵәҵәа абжьы, аха иззыҧшыз аҵәҵәабжьы аҭыҧан ахысбжьқәа роуп ираҳаз. Иара иахьагьы ишәаӡыӡо ҳҽабаҳҵәахри ҳәа аҳаҧқәа ирзыҩуеит Очамчырааи Тҟәарчалааи рхәыҷқәа.

Раҧхьаӡа ашкол ахь зшьапы еихызгоз ахәыҷқәа инадыркны иреиҳау аҵара аиурҭақәа ирҭоу рҟынӡа иҟоу зегьы аӡәгьы ишәанаижьуам иахьа ҳашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҭагылазаашьа, избанзар Аҧсны шәышьаҭа шҳамқәа ахьшәыргылахьоу ҩнык еибгам, школк еибгам.

Ауаҩы ишьажәцәа шәара, ауаҩы ирыцҳашьара злам шәара, шәаангыл иазхоуп, икашәымҭәан ашьа, имаҷым Аҧсны икаҭәахьоу алаҕырӡ, иахнагахьоу агәаҟра, агәырҩа.

Хашҭшьас иамоузеи декабр 14 рзы ҳхәыҷқәеи ҳҭацацәеи иара убас Очамчыра, Тҟәарчал аҕа иҿагыланы еибашьуаз ахәцәеи аазгоз авертолиот аҭархара. Ҳхәыҷқәа ҿаа-ҿаауа рыҳәҳәабжьқәа шәмаҳаӡеит шәара ақырҭцәа. Ижәдыруаз аҧсуа адоуҳа имоуп, аҧсуа аҳақ имоуп. Ҳара адоуҳа ҳамамызҭгьы егьараан ҳшьыхны шәаҳхысхьазаарын.

Башаӡа шәгәы шәажьоит шәара анамысдақәа, Аҧсны иахьа ашьа казыршыз аҧсуак иҧсы ҭанаҵы ахаангьы изыҟалом Аҧсны шәара шәнапаҿы.

Аҧсуа идоуҳа шәахьчааит Нарҭаа дуқәа рыҷкәынцәа, Аҧсны аиқәырхаҩцәа!


Ниура Џьениа, Очамчыра араион Ҧақәашьтәи алагарҭатә школ аиҳабы.