Print this page

Агәалашәара ашьҭақәа: Хабарда ибжьаӡыз Жәларбжьаратәи рымш иазкны

Цәыббра 06, 2022 256

Аибашьра – ари ажәа уқәыҕәҕәоит, уцәа ианыруеит ихьу-хьууа. Иҵааршәыраха угәы аҵа кылнаблаауеит, уҧсы ахьынӡаҭоу иуқәыҕәҕәалоит, ҿыцәаара зқәым мцабзны наӡаӡа иуцзаауеит.


Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ирылан хабарда ибжьаӡыз 170-ҩык. Урҭ рахьтә 44-ҩык рыбаҩ ҧшаан. Иахьа уажәраанӡа ҳаҧсадгьыл ахьчаразы зхы иамеигӡаз Афырхацәа рахьтә хабарда ибжьаӡыз 126-ҩык ыҟоуп. Урҭ зегьы излыҵыз рҭаацәарақәа изҵоу ахьаа ду рықәыҕәҕәоит, ахьаагара рхы-рҿы ианубаалоит. Еилыхрада хабарда ибжьаӡыз, зыбаҩ аҧшаарагьы зқәашьымхаз зегьы рфырхаҵаратә мҩа еидкылатәуп, иҭҵаалатәуп, иахцәажәалатәуп, аҿар идеилыркаалатәуп. Зыҧсҭазаарақәа ирмеигӡаз, ҳаҧсадгьыл аиқәырхаразы игылаз, Ашәба Мераб Макар-иҧа диит 1962 шықәса, мшаҧымза хәба рзы Дәырҧшь ақыҭан. Дәырҧшьтәи абжьаратә школ доушьҭымҭоуп. Киевтәи аполитехникатә институт дҭалоит. Арратә уалҧшьа Урыстәылеи Китаии рҳәааҿы ихигон. Макар Ашәба иҧшәма Зина Саид-иҧҳаи иареи аҭаацәара бзиа аҧырҵеит. Ҳәоуеиқәшәала еицынхон. 2014 шықәсазы Мераб иан Зина аҧҳәыс хатәра, агәырҩа лҽамҭакәа лыҷкәын иӡбахә аҳәара даналага зылаҕырӡқәа ззымҵәахуаз, уи ахьаа дызбылуаз аӡбахә алацәажәара шылцәыуадаҩызгьы ҧшьшьаала дналагеит.

Абас ҳзыртәаз ақырҭцәа рыҧсы ахьынӡаҭоу гәаҟрада акгьы рзыҧшымзааит!.. Мераб иҭаацәара – иҧшәма, ихшара ыҟоуп. Урҭ Мераб идҳәалоу ахҭысқәа зегьы рдыруеит. Иҧшәма Рита аибашьратә мҩаҿы иҟаз зегьы еидылкылеит… Сара аҧсра иамгаз адәы сықәуп, агәашә ахь сылаҧш хоуп… Уажәы-уашьҭан дааирашәа сгәы иснаҭоит. Иҧшәмагьы ихәыҷқәагьы есымша сымҩа иқәуп. Уаҩҵас снапы нихьысшьратә Анцәа алшара сиҭазҭгьы… Уи иалхәдахаз анацәа срыхәҭакуп.

Идуҵозаалакгьы, зегьы ҭакҧхықәрала дазнеиуан. Абжьы ҧшӡа ихан. Ианааилахәлалак, ҳусқәа ҳанрылгалак, ашәаҳәареи акәашареи бзиа ибон. Иара далагон, еиҿикаауан, нас аҭаацәара зегьы ҳалаигалон. Уи аамҭа лассы-лассы сазхәыцуеит, сыбла ихгылоит. Закәытә ҧсҭазаара бзиаузи усҟан иҳамаз ҳәа. Уажәы адәы сахьықәугьы схы ахызбаауеит, аха аҧсцәаҳа сихашҭит…

 

Ахаҵа дыршьыргьы – афырхаҵа дыҧсӡом,

Ахаҵа дрыблыргьы афырхаҵа дбылӡом.

Рушьбеи Смыр

 

Мераб дыздыруаз зегьы еицҿакны иазгәарҭон аҟыбаҩ ҷыда злаз аӡә иакәны ишизҳауаз. Иқыҭаҿы еиҿкааз ахор далан. Уаҟа аҧсуа жәлар рашәақәа рыхкқәа наигӡон. Еиуеиҧшымыз аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны шәаҳәаҩык данымаалакь, уи ашәа анагӡара здырҵоз Мераб иакәын.

1990 ш. Мераб Ашәба аҭаацәара далалеит. Иҧшәма Ҳалбад Ритеи иареи хҩык ахшара рааӡеит: Дима, Саид, Саида. Аҭаацәара гәырҕьахәха рыҩны иҩнан. Мераби Ритеи рынасыҧ еиларҵаанӡа даҽа ҭаацәарак иман. Уаҟа иҧҳа лызҳауан. Ихшаз рыҧшьҩык аибабареи гәыкала абзиабареи еснагь ирыбжьан. Мераб иҧшәма Рита еснагь зегьы цҳаҵас дрыбжьагылан. Уи лгәыбылреи лыҕәҕәареи Мераб иан акыраамҭа далацәажәон.

Аҧсны аибашьра алагамҭазы Мераб Киевынтә адырра иоуит иҧҳа уаҟа инхоз ацхыраара лҭахуп ҳәа. Иҭаацәа Дәырҧшь иан лҟны иааныжьны, иара Киевҟа дҧыруеит. Уаҟа дахьнеиз иҟаз аҭагылазаашьа еилиргеит, аҭыҧ иқәиҵеит.

– Ахәылбыҽха иҧсадгьыл аҟны аибашьра ишалагаз, ателехәаҧшрала ибеит. Нанҳәамза 16 рзы Ҧсоу аҳәааҿы даахьан. Аха диасыртә ишыҟамыз аниба, уаҟа иқәшәаз џьоуки иареи шьхала мацара илбааит. «Нанҳәамза 17 рзы, ахәылбыҽха аҩны дааит – еиҭалҳәон иҧшәма Рита Ҳалбад. – Иаразнак иҽааидкыланы ақыҭаҿы иҟаз аибашьратә штаб ахь иҿынеихеит. Амла дшакуаз убаратәы иҟан. Астол иқәыз ача сак аамихын, изхара изымбоз ихәыҷқәа минуҭқәак даарыдхалеит. Усҟан еициз Саиди Саидеи 11-мзы ракәын ирхыҵуаз. Иан лчымазара игәы иалан аҟынтә, «шәылаҧш лхыз» ҳәа наиҳәеит… Абас, нанҳәа 17 рзы Дәырҧшьтәи ақыҭсовет ахь дцеит…

Мераб ақыҭсовет аҟны дахьнеиз, аштаб аҟны иреиҳәеит агранатаршәга ала ахысра шилшо, уи адагьы егьырҭ абџьар хкқәагьы ркышьа шидыруа. Мераб абласаркьа ибла иаман. Уи ибзианы ибаӡомызт. Убри аҟнытә аштаб аҟны еизаны иҟаз аҷкәынцәа рыбжьара дымцарц иазҳәазгьы ҟалеит, аха иара уи иирҳауамызт.

– Аҵыхәтәантәи ицара схашҭраны сыҟаӡам – лҳәеит Рита. – Аҽеидкылара даналага, иасҳәеит ахәыҷқәа иара ида рбара шысцәыцәгьоу. Иара ахәыҷқәа дрызгәаҟуан, дрыдҳәалан. Дахьыҟазаалакгьы, иага дааҧсаны дыҟазаргьы рбара аамҭа иҧшаауан. Сиҳәеит ҳааныжьны дымцарц. Иирҳарц шиҭахымыз анызба аҵыхәтәан, ус иасҳәеит: «Араҟа сара исымоузеи?! Схәыҷқәа батәуп. Иумуӡозар, Шәачанӡа уаҳәшьа лахь ҳганы ҳааныжь. Нас, уара умҩа уқәлап. Мераб акыраамҭа ақәҿимҭӡеит исҳәаз. Нас дааҳәын, ус сеиҳәеит: «Сара џьаргьы шәара шәгара аамҭа сымаӡам. Бара базхәыц ауаа сызбо ргәы иаанаго. Ахәыҷқәагьы шәаргьы ара шәыҟазаауеит, зегьы ирыхьуа шәаргьы ишәыхьп, ус иаҳлахьынҵазар акәхап…»

Мераб раҧхьа агранатаршәга зкыз Дәырҧшьаа дыруаӡәкын. Деибашьуан Гагратәи ахырхарҭаҿы. Уаҟа ахәра иоуит. Аха ихынҳәыз аибашьцәа рхыҧхьаӡараҿы дыҟаӡамызт. Иҭаацәа уи иҧшааразы иҟарымҵаз иҟази, аха ихабар аилкаара уадаҩхеит… Зны ус рарҳәеит, Мрагыларатәи афронт ахь ҧшыхәҩыс дышьҭуп ҳәа… Аха Мераб идҳәалаз акгьы еилкаашьа рмоуит.

Ҳаибашьцәа Гагра анҭадырцәы ашьҭахь, Мераб ишьҭалеит,џьара иӡбахә раҳауазар ҳәа. Иҧшәма Рита излалҳәаз ала, Мераб иаҳәшьа Мзиа лыҧшәма Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы длыманы дахьҭаз еилылкааит, Мераб зыхьӡыз еибашьҩык ахәра иманы дышҭашәаз, нас ддәылганы дшыршьыз…

Рита Ҳалбад аибашьра анцоз Гагратәи аморг аҟны аус зуаз ауаҩы длыҧшааит. Уи милаҭла дерманын. Ус леиҳәеит: «Ари зсахьа сшәырбо дызбеит. Дхәын… Инапы асааҭ ахан… Идәылганы, абылтәы зықәҭәаны ирблыз дрылан, нас «котельнаиа» ааигәара зегьы цәыҵарҵеит… Ҧыҭрак анҵы, абульдозер ааганы иҵырхит. Иахьыргаз сыздырӡом…

Алаҕырӡи агәыҧжәареи иаганы ари ахҭыс иазыӡырҩуаз иҧшәма Рита иахьыҵырхыз аҭыҧ ашҟа дцеит. Акыраамҭатәи аҧшаарақәа рышьҭахь, Рита дызқәымгәыҕӡоз аҷан лбеит. Шаҳаҭра аурц аҭахызшәа, адгьыл аҽаларӡ, Мераб ишьаз аимаақәа руак ыҵан. – Уи иаразнак иара ишитәыз здырит. Иара даҳбазшәа аимаа ҳалаҕырӡ ақәаҳҭәеит. Уи ашьҭахь иҭахара афакт шьақәсырҕәҕәеит. Уи апрокуратура иҟанаҵаз алкаа аҩны ишьҭоуп, – лҳәеит иҧшәма Рита.

Дәырҧшьаа аибашьцәа рыбжьара легендаҵас аҵыхәтәантәи Мераб иажәақәа рҳәоит. Изаҳаз, изҳәаз, иахьынтәааз аӡәгьы издырӡом, аҧхьа Мераб ихьӡ ануҳәалакь, ари ахҭыс еиҭарҳәоит: «Мераб Ашәба аҕацәа рнапаҵаҟа даныҟала, ақәаҧсата леиуан. Уи ибжьы цқьа акеи-акеиҳәа ишгац игон. «Аҧсуаа рыҧсадгьыл еиқәдырхоит. Аиааирагьы ргоит!..» Уи нахыс иҟалаз, аӡәгьы издырӡом…»

Мераб иашьа Зураб гәырҩала ари ахҭыс ихигеит. Иара ишьҭахь хара дзымнеит. Игәы иалымшеит, иазышьҭымхит. Иҧсҭазаара далҵит. Иҧшәма Рита Мераб дзыхгәаҟуаз, ихәыҷқәа ршьапы иқәлыргылеит. Зегьы дыриааины, аҵарақәа длырҵеит. Аразҟқәа рымоуп. Раб иҧсы ахҭынҵаны еиқәырхоу Аҧсадгьыл аҧеиҧши аразҟи иагәыцәуп. Иҭаацәара аибашьра ршьапы иқәнарҟьазаргьы, рымҩа иахымҟьеит. Зыҧсҭазаара иамеигӡакәан анрагьы абрагьы рзуны, Рита илылшоз, дызҵгәаз аҳәара  уадаҩуп. Лгәы рыздууп. – Ииашаҵәҟьан, – лҳәеит лара уадаҩрала исааӡеит. Иахьа урылаҽхәартә иҟоуп. Аҵарақәа рҵеит, азанааҭқәа рымоуп. Раб ибазҭгьы, уи зегьы иреиҳахоз насыҧын, аха…

Мераб иан лыҧсы ахьынӡаҭаз, лыла ҭраа лыҷкәын имҩа даныҧшылон. Уи ихьӡ ахьҳәамыз, иахьцәыргамыз, даара лгәы лнархьуан.

Хабарда аибашьра адәаҿы ибжьаӡыз иалаӡыз, аибашьҩы Ашәба Мераб Макар-иҧа лассы-лассы аибашьратә инысымҩа сыбла ихгылоит. Иан лажәақәа слымҳа иҭыҩуеит: «Иҭахаз, ибжьаӡыз еилыхрада, ажәа рыхҳәаара иаҧсоуп. Анацәа ҳаҧсы ахьынӡаҭоу иҟарҵаз, рыҧсы зқәырҵаз рыҧсадгьыл, рҭоурых азаанхаратәы иҟаҵатәуп. Ишәхашәмыршҭлан, зыҧсы аиҳа зыҧсадгьыл еиҕьызшьаз, зхы ақәызҵаз Афырхацәа зегьы…

Ашәба Мераб Макар-иҧа еиҧш иахьа имаҷыҩӡам зыхьӡ ҳәам, ицәыргам. Ан лҧа ибаҩ ахьлымамыз, ахьаа дшабылуаз, лыҧсҭазаара далҵит.

Афырхаҵара зҽылаҳәаны аҧсра иаҧылаз Мераб иҩызцәеи иареи рыхьӡқәа ахаан иӡуам. Урҭ рыҧсқәа зыхҭнырҵаз адгьыл иагәыҵаҳәҳәаны иахьчалоит, бираҟҵас рыҧсадгьыл иахашәыршәырлоит. Атәым хьаа ыҟаӡам. Аибашьра иацыз ахьаа, аҧсуа жәлар зегьы ирзеиҧшу, измырҭынчуа хьаа дуӡӡаны ирыцзаауеит.


Гугуца Џьыкырба