Print this page

Аҟәа аделегациа – Нижни Новгород

Нанҳәа 25, 2022 225

Беслан Ешба хадас дызмоу Аҟәа Ахадара аделегациа Нижни Новгород иҟан, – иаанацҳауеит аҳҭнықалақьтәи ахадара асаит.

Ақалақь Амш аламҭалазы Нижни Новгород ахада Иури Шалабаев дырҧылеит еишьцәоу ақалақьқәа рофициалтә делегациақәа. «Ҳара иаҳхьыҧшым ҭагылазаашьақәак ирыхҟьаны аамҭак азы аиҧыларақәа, аусмҩаҧгатәқәа рынагӡаразы алшарақәа ҳамамызт. Аҵареи, акультуреи, аицхыраареи, аспорти рганахьала онлаинла проектқәак ӡыраҳгахеит. Уажәы иаабац аҭагылазаашьахь ҳаиасит, уи даара сеигәырҕьоит. Жәларбжьаратәи аиҧыларақәа мҩаҧаагоит еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла, агәра згоит ари аус иҵегьы ишацҵахауа», – иазгәеиҭеит Нижни Новгород Ахада Иури Шалабаев. Уи ҳамҭа дууп, иагьҳаҭыруп ҳәа азиҳәеит аҳәаанырцәтәи аешьаратә қалақьқәа рнапхгаҩцәа Нижни Новгородҟа иааны ақалақь Амш ахьрыдырныҳәалауа.

«Нижни Новгород хаҭала сара сыхьӡала, Аҟәаа зегь рыхьӡала аныҳәа рыдысныҳәалоит. Ҳәарас иаҭахузеи, иаадыруеит 800 шықәса ахыҵразы ақалақь аҟны зегьы шыҟаҵоу. Уи аабон, ҳара ҳделегациа абра иҟан, ҳхада дааиҧхьахьан агубернатор. Аҧсныҟа шәнасыҧхьоит. Ҳазну ашықәс азы Аҟәа 2506 шықәса ахыҵит, ҳазхиоуп ҳҭоурыхи ҳкультуреи шәырбара», – иҳәеит Аҟәа ахадара аиҳабы Беслан Ешба.

Аҟәеи Нижни Новгороди аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит 2011 шықәса декабр азы. Нижни Новгород ауааҧсыра ирыдырныҳәаларц, ҳаҧхьаҟатәи русеицура иалацәажәарц уахь инеит Минск (Беларус), Новыи-Сада (Сербиа), Бухара (Узбекисҭан), Ереван (Ермантәыла) рҟнытә аделегациақәа.