Print this page

Муҳаммад Бли: аибашьҩы ижәҩахыр: зхатәгәаҧхарала иааз имҩа

Нанҳәа 18, 2022 303

Нанҳәамза жәохә рзы ҳтәылаҿы иазгәарҭеит ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан зхатәгәаҧхарала иааны Аҧсны еибашьуаз Рымш. Кавказ аиашьара жәларқәа рҟынтәи аибашьцәа раҧхьатәи ргәыҧ еибашьра ҳәа ашьха каҵәарақәа ирхысны, шәарах мҩахәасҭала Аҧсныҟа иааит нанҳәамза жәохә рзы – аибашьра аҩбатәи амш азы. Уи аахыс иҵит ҩажәи жәаба шықәса.

Анчхьоу акаҵәара ихыҵны аибашьра раҧхьатәи амшқәа рзы Аҧсныҟа иааз хатәгәаҧхарала еибашьуаз ргәыҧ далан Ҟабарда-Балкариатәи аибашьҩы, Аҧсны Афырхаҵа Муҳаммад Бли. Ишырҳәо еиҧш, ажәа ахы умҳәакәан аҵыхәа узҳәом. Муҳаммад Бли бшьҭрала  Ҵабалтәуп. Аҭоурыхтә ӡеибафара иахҟьаны Ҟабарда-Балкариаҟа ицаанӡа, Ҵабал ианынхоз Ҧлиа рыжәлан. Аҧсны Афырхаҵа иажәақәа рыла, иабду иаб ибзианы игәалашәон аҭаацәа аҵх рҽалакны рқыҭа иалҵны ианцоз. Аибашьра ҟалаанӡа Аҧсныҟа ҩынтәҟа иаахьаз Муҳаммад Бли аибашьра ианалагаз ихыҵуан ҩажәи зеижә шықәса. Ақырҭуа архәҭақәа Аҧсны иақәлеит ҳәа заҳаз иаразнак амҩа дықәлеит иҭоурыхтә ҧсадгьылны еснагь ииҧхьаӡоз Аҧсны ахьчаразы.

Аибашьра раҧхьатәи амшқәа рзы Муҳаммад дақәшәоит иҩыза гәакьа Гена Карданов дызлаз, Ешыра еибашьуаз Владимир Начач игәыҧ ахь. Муҳаммад Бли дыҧшыхәҩын. Игәалашәоит ҧхынҷкәын ҩажәи хәба зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа шықәса рзы Очамчыреи Маркәылеи рыгәҭаны «инеитралтәу азона» ҳәа иахьашьҭаз аҭыҧ аҟны иҩызцәеи иареи адҵа анынарыгӡоз аамҭазы, аҕацәа аиҿамхысразы иҟаз аиқәшаҳаҭра еилаганы рганахь артҟәацгақәа рыршәра ишалагаз. Хаха-хымш амацәаз иҭакыз аибашьцәа рымҧан аҕа даарышьҭӡомызт. «Сара иҳаларыжьуаз артҟәацгақәа сыҧхьаӡон. Хымш рыҩныҵҟа хышәи хынҩажәа сыҧхьаӡеит, нас сааҧсан саҟәыҵит», – иҳәеит Муҳаммад Бли.

Афырхаҵа иажәақәа рыла, аҧсуаа зыҩнатәаз аҩны аҩныҵҟа апианино ҩнагылан. Милаҭла иагыруаз, Саша зыхьӡыз Тҟәарчалтәи еибашьҩык дҳацын. Даара ибзианы апианино аирҳәон. Днаҿатәан ахәмарра далагеит, дыхәмаруанаҵы аӡәгьы дҳаихсуамызт, ҭынчран. Аха, ибжьы ҭыганы аҧсышәала ашәаҳәара даналага, ирымаз абџьар хкқәа зегьы рыла ҳаихсра иалагеит», – иҳәоит аветеран.

Занааҭла арратә зыҟаҵара бзиа змаз, аминақәа реиҵыхшьа здыруаз Муҳаммад аибашьра адәаҿы ашәара издырамызт. Аветеран иҳәоит, лассы-лассы цәалашәарак шиоуаз, уаанӡа иҧхыӡ иаламыз, аха аибашьра аҽеиҩшамҭаз ихы нықәиҵар иибоз, аиааира иазкыз ҧхыӡ ссирқәак дыхҭакны дышрымаз. «Сааҧшуан агәрагара сыманы аиааира шаҳго азы. Уи агәрагара мыч дук сыланаҵон, исыхон ҧхьаҟа», – иҳәоит афырхаҵа.

Ашықәс ҿыц аламҭалазы Муҳаммад Бли дызлаз агәыҧ Мрагыларатәи афронт ахь ииаргоит. Араҟа иара аминақәа рыҵаҵараҿы имаз адыррақәа даара ихәарҭахеит. «Хәылбыҽхак зны, аибашьҩы Амиран Ҧачлиа даасыдгылан, уара аминақәа рыҵаҵашьа удыруеит ҳәа саҳаит, ииашоума ҳәа дсазҵааит. Ааи издыруеит, сҳәеит. Амиран исирбеит заа иҵарҵахьаз аминақәа рышьҭаҵашьа асхема. Санынахәаҧш исдырит агхақәа шыҟоу, иаразнакгьы иасҳәеит асхема шиашам», – ахҭысқәа игәалаиршәоит Муҳаммад Бли. Анаҩс, Муҳаммад инапхгарала еиқәыршәаз асхема ҿыц инақәыршәаны, аҵх иалагӡаны, аминақәа ыҵарҵеит.

Ҧхынҷкәын ҩажәи фба рзы ақырҭқәа ажәылара хацдыркит. Ҳаибашьцәа ишьҭаҵаз аминақәа аҕацәа ркәылӡтәы техникеи аршьаҟауааи захымсит, ааха ҕәҕәақәа роуит. Усҟан аҧсадгьыл ахьчаҩцәа аҕа итанкқәа хҧа ргеит. «Хҧа рҟынтәи ҩба еиҭашьақәҳаргылан аус дҳаруит. Атанкқәа рыҟаҵара иазҟазаз Гена Никитченко ибзоурала мышқәак рыла аҩ-танкгьы ҳхы иаҳархәартә иҟан. Руак иахьӡын «Тигр», егьи «Ласточка». Арҭ атанкқәа анаҩс Мрагыларатәи афронт аҿы еицырдыруа иҟалеит», – иҳәеит ҩажәи жәаба шықәса раҧхьа имҩаҧысуаз ахҭысқәа игәаларшәо аибашьра аветеран.

Ажьырныҳәамза аҽеиҩшамҭаз Муҳаммад Бли дызлаз агәыҧ «Ҟабарда» Ҧақәашьтәи аибашьцәа ацхыраара рырҭарцазы иаашьҭын. Избан акәзар, аҕацәа афронт ари ахырхарҭаҿы лассы-лассы ажәыларақәа мҩаҧыргон. Абраҟа иҟалеит анашанатә ҵакы здырҳәалаз ахҭыс. Муҳаммад иажәақәа рыла, аӡын ҵхы ккаӡа иҟан. Икыдыз амза ҿа агәҭаны уаанӡа аӡәгьы иимбацыз аиаҵәа хәыҷы аацәырҵит. Уи збаз Муҳаммад имацара икәӡам, аибашьцәа зегьы иааибадырбеит. Амсылман дырга ажәҩан аҿы ацәырҵра аиааира иасимволны ирыҧхьаӡеит. Ианааша, ажәылара иалагоз аибашьцәа ахы иаҿалон зынӡа даҽа гәышьҭыхрак рыманы. «Иаҳбаз агәра ҳнаргеит анцәа дышҳацу, илаҧш шаҳху», – иҳәоит Муҳаммад Бли. Ажәылараҿы Аҧсны ахьчаҩцәа ирҿагылан ҩышәҩык иреиҳаны бџьарлеи џьаҧҳанылеи еиқәных иҟаз ақырҭқәа. Аиҿахысра цон жәаҩа сааҭ иреиҳаны. Муҳаммад Бли иааирҧшуаз агәымшәара иабзоураны аҕацәа рхырҕәҕәарҭа хада ықәхын. Муҳаммад ари ажәылараҿы аконтузиа иоуит, аха аибашьра адәы аанимыжьит, ихаҭа ахәра шимазгьы ихәыз иҩызцәа алигон. Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иааирҧшыз афырхаҵареи агәаҕьреи рзы Муҳаммад Бли ихҵан Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны зыгәра игоз аиааира цәыббрамза ҩажәи жәаба рзы даҧылеит Егры ацҳаҿы.

Аибашьра ашьҭахьтәи аҭынч ҧсҭазаараҿгьы Муҳаммад Бли иҭоурыхтә ҧсадгьыл аанимыжьӡеит. Егры аҳәаа ихьчон, аҧсуа-ақырҭуатә ҳәаа еилаганы Аҧсныҟа иҭаларц зҽазызшәоз адиверсиатә гәыҧқәа раанкылара далахәын. Аҳәаа иаҧныз аҭыҧқәа рҿы аҧшыхәрақәа мҩаҧигон. Аамҭак азы иара диаргоит Кәыдрытәи аиҩхаахь. Уаҟагьы Аҧсны аинтересқәа рыхьчаразы амаҵ шиуц иуан.

Муҳаммад Бли Аҧсны зынӡа акгьы имаӡамкәан аханатә зшьапы зкыз дреиуоуп. Аамҭак азы Алашарбага аҳаблаҿы иҟоу амшынтә баҕәазаҿы иӡхгылаз аҕба акаиутаҿы дыҧхьон, анаҩс акы еизгақәаны ихатәы уада ааихәеит.

Зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәохә шықәса рзы Муҳаммад Аҧсны атәылахьчара Аминистррахь усура ааҧхьара ирҭоит. Шықәсык анаҩс, зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаф шықәса рзы Аҧсны Жәлар Реизара аҩбатәи ааҧхьарахь депутатс далырхуеит. Муҳаммад Бли дрылахәын ҳтәыла азакәанқәа жәпакы раҧҵара. Аҧсны Афырхаҵа араҟа аҭаацәара аҧиҵеит, диит иҧа. Аибашьра ашьҭахь акыр шықәса инеиҧынкыланы дынхон Аҧсны. Ҳаамҭазы хынҩажәи жәабжь шықәса ирҭагылоу Муҳаммад Бли дынхоит Ҟабарда-Балкариа. «Сыҧшәмаҧҳәыс лыҧсҭазаара далҵит. Сара стәанчаҩуп, ахныҟәгара анысцәыуадаҩха суада сҭиин Ҟабардаҟа сааит», – иҳәеит аветеран. Аибашьра аветеранцәеи изыҳауа аҿари ирзеиҕьашәшьои ҳәа иҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо, Аҧсны Афырхаҵа иҳәеит зегьы ирзеиҕьеишьо акәны ишыҟоу аҭынч ҧсҭазаара. «Зегьы ирдыруазар ауп рҭоурых, уи иазыгәдуны пату ақәырҵозар ауп. Ирхамышуазар ауп иахьа иҟоу аҭынчреи аҿиареи шаҟа ҧсҭазаара ахҭынҵоу», – иҳәеит аветеран.

Ишьақәырҕәҕәоу аинформациа инақәыршәаны, аҧсуа-қырҭуатә еибашьраан, аҧсуаа ирыдгыланы еибашьуан аиашьаратә республикақәа рҟынтәи хатәгәаҧхарала Аҧсныҟа иааҩт ҩнызқьи ҩажәи аӡәҩык аибашьцәа. Урҭ рҟынтә ахақәиҭра рхы ақәырҵеит ҩышәи хынҩажәи жәаҩаҩык. Зегьы иреиҳауп Чечентәылантәи иааны Аҧсны зхы ақәызҵаз аибашьцәа рхыҧхьаӡара, урҭ хынҩажәи хҩык ыҟоуп.


Елана Лашәриа