Print this page

«Абзиараз, Сыҧсадгьыл!»

Лаҵара 11, 2023 188

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду еилгеи­жьҭеи 78 шықәса аҵра амшныҳәа мышқәак шагыз ақалақь аҟны дсықәшәеит саншьцәа ирыжәлантәу, сқыҭа гәакьа Ҭхьына иизиааӡаз, ҳарҭ Паз ҳәа заҳҳәо Иура Бигәаа. Акыр ҳаицәажәон, иаҳгәалашәаз рацәоуп. Ҳаицәажәараан ҳазааҭгылеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду амш ныҳәа шааигәахо атәы. Уи дазааҭгыло Паз ицәыригеит аибашьра Ду аан иҭахаз ианшьа иӡбахә. «Сан рыцҳа лыла ҭраа есымша лашьазаҵә имҩахь дыҧшын, агәырҩа дафахьан», – иҳәеит илаҕырӡ нхаҟәҟәалан.

Зыуаҩыбжара инҭысхьоу Паз ианшьа Николаи (Ҷыҷыкәа) Ӡыкәыр-иҧа Қапба зынӡаскгьы диздыруамызт. Иара иан аҭаацәара даналала ашьҭахь жәа­ҩамш ааҵуаны аибашьра иалагеит. Аха уи игәыбылра иахьа уажәраанӡагьы имоуп. «Сан лашьа заҵә ихабар ҳәа акгьы лыздыруамызт. Илыздыруамызт дахьыршьыз, даныршьыз, инышәнап ахьыҟаз», – иҳәоит Паз ианшьа изы. Убас ишыҟаз 70-тәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла иҭыҵуаз агазеҭ «Красная Звезда» ианылеит Аҧснытәи арҧыс гәымшәа иӡбахә. Уаҟа иаҳәон уи ифырхаҵара атәы, насгьы данҭаха ашьҭахь ишианашьаз аорден «Красная звезда». Аҧснытәи арҧыс Ҷыҷыкәа Қапба ихьӡ Урыстәылатәи агазеҭ аҟны ианцәырҵ, уи ашьҭахь уи изкыз астатиа кьыҧхьын агазеҭ «Советская Абхазия» аҟны. «Сан ари агазеҭ аҩны ианлызнарга, иҧсы ҭаны дылбазшәа деигәырҕьон. Лгәы даныҵалалк иаацәырылгон, исахьа ахьаныз аиҧхьылышьшьаауан, нас наҟ ирҽны инҭалҵон», – иҳәоит уи.

Ҷыҷыкәа Қапба изкны аиашазы акгьы самыҧхьацызт, акгьы сыздыруамызт. Анаҩсан еилыскааит Руслан Қапба ишәҟәы «Хәыхәыт Бҕажәба» аҟны ари ауаҩ изкны иану шмаҷым. Аҽныҵәҟьа сцеит амилаҭтә библиотека ахь. Иаазгеит Руслан Қапба ишәҟәы. Абҕьыцқәа еихыршәшәо сҿынасхазар, абар зыӡбахә сарҳәаз аибашьҩы, ақәрахьымӡа, дзакәытә уаҩыз, иҟазшьа, ицәаҩа, ихымҩаҧгашьа уҳәа зегьы ахьаарҧшу.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалагеит рашәарамза 22, 1941 шықәсазы. Ари аибашьра ду Аҧснынтәи иалахәын 55,5 нызқь-ҩык инарзынаҧшуам. Урҭ рахьынтә 17 нызқьи 430-ҩык рыҩныҟа изыхнымҳәӡеит. 22-ҩык Аҧсны иалҵыз ҳҵеицәа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп.

Иҟамзар ҟалап аҧсуа ҭаацәарак Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәымыз, ма уи ахыҧша зхьымсыз. Аибашьра иалагеит ҳәа заҳаз, Арасаӡыхь ақыҭа иизиааӡаз, аҭаацәара ду иалиааз Ҷыҷыкәа Қапба ишәаны аӡә ишьҭахь игылоз дреи­уамызт. Николаи (Ҷыҷыкәа) Қапба диит 1917 шықәсазы Очамчыра араион Арасаӡыхь ақыҭан. Ихарҭәаам абжьаратә школ даналга, дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә техникум. Уи ибзиаӡаны ианыхиркәша ашьҭахь, Тҟәарчалтәи ихарҭәаам абжьаратә школ аҿы рҵаҩыс аусура далагоит. 1938 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭ­­қарратә рҵаҩратә институт аҭоу­рыхтә факультет. Ҷыҷыкәа Қапба ҩызцәа гәакьацәас имаз иреиуан: Қьаазым Агәмаа, Алықьса Кәарҷелиа, Вианор Анчабаӡе, Леуа Гармелиа, иара иашьа Хәыхәыт Бҕажәба уҳәа аӡәырҩы.

Ҷыҷыкәа аҧшьбатәи акурс аҟны дыштәаз аибашьра иалагеит. Иара аҵараҟны даараӡа ихы бзиан иааирҧшуан. Ибзиаӡоуп ҳәа ада хәшьара имоуцызт. Есымша Аҧсны аҭоурых дазҿлымҳан, убри аганахьалагьы иҵара ацҵара гәҭакыс иман.

Абас игәазырҳагаха аҵара зҵоз, заҧхьаҟа зыҧсадгьыл иҵәатәы шьаҟаны иаҵагылараны иҟаз арҧыс қәыҧш игәҭакқәа зегьы ҿахнаҵәеит излагаз аибашьра. 1941 шықәсазы уи дҭалоит Ҭеловтәи аршьаҟауаатә училишье. Уи ибзиаӡаны даналга ашьҭахь, Бақәатәи арратә училишье ашҟа рҵаҩыс ддәықәырҵоит. Иара афронт ахь ацара даҳәоит, ахам ап ицәыркуеит. Егьа ус акәзаргьы 1942 шықәсазы Ҷыҷыкәа Қапба аибашьра адәаҿы аҕа днаиҿагылоит. Аибашьра цон Новороссииск алада-мраҭашәарахь иахьаду. Абраҟа аидысларақәа руак аҟны иҧсҭазаара ҿахҵәоит Аҧснытәи арҧыс. Ари арыцҳара ҟалеит февраль мзазы. Абраҟа иааҳгоит Ҷыҷыкәа иҭахара иазкны уи икомандир Иван Михаил-иҧа Калашников Аҧсныҟа иааишьҭыз асалам шәҟәы иану. Уи кьыҧхьуп Руслан Қапба Хәыхәыт Бҕажәба изкны ииҩыз ашәҟәы аҟны.

…Колиа иҭахарала дысцәыӡит мыцхә иҟәыҕаз, ауаҩ игәшәа зҳәоз, деилызкаауаз, гәаартыла узацәа­жәашаз, абжьгажәа уазҳәашаз аҩыза иашаҵәҟьа. Уи ахӡыргара издырамызт, дашьҭамызт, еснагь деиҿкаан, аҧсҭазаара агәалаҟара, алахҿыхра иман.

…Ицон аибашьра, икаҭәон ирҩашха ашьа. Афашистцәа иныр­кылаз апозициа ихьамҵуа ирыхьчон, иаҳҿагылан. Урҭ амчхара ду аҭаны пулеми­отла, артиллериатә миномиотла еихсыҕьрада ҳар ирыжәырҵон амца! Аха аибашьцәеи акомандаҟаҵацәеи аҕа иҧаҧашькны иаҳҿагылаз имч ҧыххаа еилаҵауа ицон ҧхьаҟа.

…Абас еидшыланы аибашьра шцоз маҷк аатгылара ҟалеит, ҧхьаҟа ацара уадаҩхеит. Араҟа аначальник ихы алеимырхәыр амуит… Уи ҧшыхәра ддәықәиҵоит Николаи Қапба. Уи иҧсҭа­заара арахәыцпа ишакызгьы, акыр аџьабаа баны еиликааит аҭагылазаашьа, аҕа иҧсы ахьҭаз, ҧхьаҟатәи еиҭарҿыцны ажәыларазы. Николаи инаигӡеит зегьы, иара иҟаиҵараны иаҵана­куаны иҟаз, уимоу, инеиҳангьы. Уи илшон ишьҭахьҟа ахынҳәра, аха «будучи преданным своей Родине и семье, своим близким и товарищам Коля остался там – в грохоте пушек, в трескотне пулемётов, в пороховом дыму… Последнее, что успел сказать Коля – «Прощай, Родина!»

… Вечная память о нём сохранится. Колю посмертно наградили орденом «Красная звезда»…

Ирҭаз аҳамҭа ахҩылааҿ ҳаҧхьоит: «Капба Н.Д – погиб в боях с немецкими аккупантами, юга-западнее города Новороссийск. Старши лейтенант Капба Н.Д. состоял на службе в военной части полевая почта № 42636 на должности помощника начальника штаба Отдельного стрелкового батальона.

Ҷыҷыкәа Қапба ицеибашьуаз иҩызцәа аӡәырҩы ирыҩуан асалам шәҟәқәа, иҭаацәа рышҟа. Урҭ асалам шәҟәқәа рҟны иаҳәоит уи ауаҩ ҟазшьала, цәаҩала аӡәгьы дышиламҩашьоз.  Иара еиҧш аиҩызара ныҟәызгоз дшыҟамыз. Аҧсынреи аҧсуареи рыхьӡ еснагь аҭгара иашьҭаз, аҧсуа қыҭа – Арасаӡыхь иалиааз аҧсуа хаҵа Ҷыҷыкәа Қапба даҽакала ахымҩаҧгашьа имамызт. Убри азоуп иахьа уажәраанӡагьы ихьӡ камыршәӡакәа изаарго. 

 Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду еилгеижьҭеи сынтәа иҵит 78 шықәса. Иахьа зыҧсы ҭаны иҟоу ҳветеранцәа даара имаҷҩуп. Убарҭ, зегьраҧхьа иргыланы ирзеҕьаҳшьоит агәабзиара!. Иҭахаз ракәзар, рыхьӡ кашәара ақәымзааит!


Шарида Торчуа