Print this page

Аҟәа ахақәиҭтәразы

Хәажәкыр 10, 2023 197

Аибашьра аҧсуа жәлар ирнаҭаз ааха хашҭшьа змам, аҭоурых адаҟьа еиқәаҵәақәа ируакуп. Иҟам аҧсуа ҭаацәарак уаҩҧсыла ари ахьаа зынмырыз. Ҩнаҭала изхьымсызгьы уалаҭахыла ргәы блит.

Ус иҟоуп ахақәиҭратә қәҧара, анцәа иаҳзишеит лассы-лассы ҳҭынчра аиқәырхаразы, атәра ҳҭамшәарцаз – иааҳарҧшлароуп ахамеигӡара!

Уи бзиаҵәҟьаны еилыркаауан март 15-16 рзтәи ажәылара иалахәыз ҳаибашьцәа.

Ҳаибашьцәа рҭоурых адаҟьақәа унаргәылаҧшыр ухәыужьы еиланаргылоит. Марттәи ажәылара, Гәымысҭатәи ахырхарҭала, ҳаҷкәынцәа ақәра­хьымӡақәа Аҟәа ахақәиҭтәра акәын издырҳәалоз. Ешырантәи рхырҕәҕәарҭақәа рҟнытә иахьеи-уахеи излаҧшуаз, иууаӡа алашьцара зхаҧаз Аҟәа ушьапы ахьналаургыло ишьҭоу Аҳабла Ҿыц аҭарцәра раҧхьатәи рыпланқәа ируакын. Избан акәзар ажәылара иалахәыз реиҳараҩык ари аҳаблаҿ инхоз ракәын. Убарҭ дыруаӡәкуп уажәы сзыхцәажәарц сҭаху, март 15 рзы иҭахаз Валери (Аҳмаҭ ҳәа зарҳәоз)  Акаки-иҧа  Гәбаз. Диит иара Мгәыӡырхәа ақыҭан. Абжьаратә школ даналга ашьҭахь далгеит аргыларатә ҵараиурҭа. Аррамаҵзура дахысуан Севастополь. 1978 шықәсазы аҭаацәара далалеит, динасыҧхеит 16 шықәса ирҭагылаз Лиана Арӡынҧҳа. Усҟан Лиана ансамбль «Шьараҭын» аҟны дкәашон. Иаарласны аҭаацәара қәыҧш ииасуеит нхараҳәа ҳаҳҭнықалақь Аҟәаҟа. «Аҧсныргылара» аҧсуаа аҿар Аҟәа нхарҭа ҭыҧла реиқәыршәара хыс иҟаҵаны аргыларахь ианадрыҧхьалоз, аусура иалагаз дыруаӡәкын. Акыр шықәса аҧхӡы наҧхьаҳәо аус иуан, иагьиҧылеит, аҭаацәара қәыҧш ироуит рхатәы уадақәа «Аҧсуаа рыҩны» ҳәа изышьҭаз аҩнеихагыла ду аҿы. Аҧсны ахаара-абзаара зегьы ақырҭқәа рнапаҿы ианыҟаз имаҷын зхатә уадақәа зауаз аҧсуаа. Валери Лианеи насыҧ змаз ҭаацәаран. Ирыман хҩык ахшара: Асҭанда, Оксана, Альберт. Аибашьра алагара шықәсқәак шагыз рыҷкәын ҧшьышықәса зхыҵуаз Альберт машәырла дрыцәҭахеит. Агәырҩа хьанҭа ишаҵаз аибашьра наҳахьӡеит.

Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра иалагаанӡагьы Валери аҧсуаа рмилаҭтә гвардиа далан. Хҩык асабицәа ныҟәгатәыс ишимазгьы ҿыц еиҿыркааз агвардиа имҩаҧнагоз аҽазыҟаҵарақәа иааиҧмырҟьаӡакәа ихы рылаирхәуан.

Аибашьра ианалагаз Аҟәа инхоз аҧсуаа зегьы реиҧш иаргьы иҭаацәа Гәдоуҭаҟа идәықәҵаны, иҩызцәа днарывагылеит. Иҧшәма усҟан лцәа лтәымкәа дыҟан, ҩымз лабхәараа рҿы даагылеит, нас лхәыҷқәа лыманы Пицундаҟа диасит. Уаҟа инхон Аҟәантәи ихҵәаны инеиз аҳәсеи, ахәыҷқәеи. Валери ҧхынҷкәын 28, 1992 шықәсазы, аҧҳа дышиоуз анеилыркаа, маҷк иҭаацәа рахь даарышьҭит, ииз иҧҳа  еиҵбы  Лана ҳәа лыхьӡиҵеит. Нас деиҭацеит иҩызцәа аибашьцәа рышҟа. Хәажәкыра 14 рзы игәазхара изымбоз исабицәа баны дцеит Пицунда ажәыларахь иазыҟарҵоз иҩызцәа рахь.

Март 15-16 рзтәи ажәылараан иара дызцыз Славик Анқәаб напхгара зиҭоз агәыҧ аӡы ирны рҭыҧаҿы инеит. Абри ахҭыс игәаларшәо, аибашьҩы Бесик Ҭаниа исеиҳәеит: «Март 15 рзы Гәымсҭа аӡиас иху ацҳахь ҳцеит. Дҳаҧхьагылан ҳкомандаҟаҵаҩ Закан Амаршьан. Ҳнеит ҵаҟа – абаҟақәа ахьыҟарҵаз, Ешыра асаркьа ахьыҟоу. Усҟан уа иаабеит аҷкәын қәыҧш Вадим Лагәлааи, Валери  Гәбази, зегьы хьыӡҳәала исгәалашәом, ирацәаҩын. Убра ҧшьымш амацәаз ҳҭакны ҳрыман. Уажәыуашьҭан ацхыраара ҳазыҧшын. «Уа шәыҟаз ҳнеиуеит» ҳәа ҳарҳәон. Нас излеилкаахаз ала  ацхыраара ҳәа уаҩ  дырмышьҭит.  «Ари мрагыларатәи ҳқыҭақәа реиқәрхаразы иӡбаз жәыларан», – убас иҳәеит усҟан адҵа ҟазҵақәоз ируаӡәкыз, иахьа Аԥсны Афырхаҵа, иқәгыларак аҿы, марттәи ажәылараз алкаа ҟаҵо.

222-ҩык ҳаибашьцәа алаӡит абри ажәылара. Убра хабарда ибжьаӡыз рсиа далан Валери Гәбазгьы.

Аибашьра ашьҭахь, Аҟәа Ахьӡ-Аҧша апаркаҿы ихаҭара шьақәыргыланы, ҳаҭырла анышә дамардеит Валери Акаки-иҧа Гәбаз. Данҭаха ашьҭахь «Агәымшәараз» амедал ианашьан Аҧсны Аиҳабыра  иҟарҵаз ақәҵарала.

Аҧсрала инҵәом ауаҩытәыҩса иҧсҭазаара. Валери иҭынхеит хҩык ахшара. Иҧшәма Диана Арӡынҧҳа цхыраарак лымаӡамкәа илааӡеит, аҵара иаллыргеит лыҧҳацәа. Асҭанда – медеиҳәшьас аус луеит, Оксана – ахәыҷбаҳчаҿ  ааӡаҩыс дыҟоуп, аиҵыбӡа Лана лакәзар, уигьы амедицинатә коллеџь далгахьеит. Рызегьы рыжәлар рыгәҭаны игылоуп иаҧсоу хшараны. Иахьа ари аҩнаҭа аџьџьаҳәа ахәыҷы иччаҧшь ҩныҩуеит.

Имыӡааит ҳаҷкәынцәа рыҧсҭазаара зыхҭнырҵаз ҳхақәиҭра  наӡа. Аҧсуа ида аҳ дамоуааит ҳ-Аҧсны!


Наира Сабекиа