Print this page

Ибаҩхатәра акәиц ҿыцәаауамызт

Хәажәкыр 03, 2023 311

Абаҩхатәра злаз апоет Владимир Алеқсандр-иҧа Ахьиба диижьҭеи 80 шықәса ҵит. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ирылаз Владимир Ахьиба диит 1938 ш. ианвар 23 рзы Гәдоуҭа араион Жәандәрыҧшь ақыҭан. Жәандәрыҧшьтәи ашкол аҟны 8 шықәса аҵара аниҵа, ажәбатәи акласс хиркәшеит Мгәыӡырхәатәи абжьаратәи ашкол аҟны. 1956 ш. Владимир Ахьиба дҭалоит Кьалашәыртәи (Аҟәа) ақыҭанхамҩатә техникум (ҩышықәса рышьҭахь Аҽгәараҟа (усҟан – Гал араион) ииаргоит). Атехникум далгоит 1961 шықәсазы.

 В. Ахьиба алитература бзиа ибон, инапы злакызаалакгьы уи дазхьамҧшыр ауамызт. Абасала, ибаҩхатәра ҷыда ахы инардыруан. Ажәеинраалақәа иҧсы рыҿҳәаран, егьицааиуан. Иҩымҭақәа рнылон ажурнал «Алашара», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь» «Аҧсны», «Бзыҧ» уҳәа егьырҭгьы. Апоет иҩымҭақәа аҧхьаҩцәа еицгәарҭеит, иаргьы арҿиара есааира дагәыланахалон, иажәеинраала ҿыцқәа рыла акьыҧхь аҟны дцәырҵуан. Владимир Ахьиба иажәеинраалақәа жәпакы агәылалеит иара убас «Аҧсуа поезиа антологиа». ХХ ашәышықәса» (Аҟәа – Москва, 2001 ш., аҩынтәраан иҭыҵит 2009 ш.)

В. Ахьиба ишәҟәы ҭыҵцыҧхьаӡа аҧхьаҩцәа гәахәарыла ирыдыркылон, избанзар ихатәы бжьы ихан, уи даҽакы иалаҩашьомызт. Апоет иҧсҭазаара далҵит 2000 ш. ианвар 31 рзы. Иҧсы ҭанаҵы хазы шәҟәқәаны иҭыҵит иажәеинраалақәа: «Еихызгоит сшьаҿа» (1971), «Адац» (1976), «Исҧыло, сызҧыло» (1979), «Ааҧын ҳамҭас исызҭаз» (1984), «Абри адгьылаҿ» (1988), «Адгьыл ахьаа» (1992), «Амцеи аеҵәеи» (1994), «Сышь­хақәа раамҭа» (1998).

2014 шықәсазы акәзар, абаҩхатәра ҟаимаҭ злаз апоет В. Ахьиба иреиҕьу иажәеин­раалақәа реизга «Иалкаау» хазы шәҟәны Аҧснытәи аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа иҭнажьит, иаамҭамкәа зыҧсҭазаара иалҵыз апоет Рауль Лашәриа иаҧхьажәа ацҵаны. Абар, уи аҵыҧҵәахак иаҳәо: «Иџьоушьаша, Владимир Ахьиба поет-трибунк иаҳасабала сыхьӡ рыласырҵәап, схы ӡырызгап ҳәа бзанҵыкгьы ихы иҭамшәацызт, дагьашьҭамызт. Уи аҧсабара иахшаз, аҧсабара ахаҭа еиҧш згәы аартыз ажәа сахьарк арҿиаҩы иакәын. Ицәаҳәақәа зныз ақьаад бҕьыцқәа реиқәырҷабреи рылаҽырбареи раха имамызт. Игәҭыхақәа, ихьаауазырқәа зниҵоз, иқьаад бҕьыцқәа шаҟа иџьыба иҭышәшәаны ицәыӡыз Анцәа иоуп издыруа. Иаҳзынижьыз илитературатә рҿиамҭақәа иара изхоит, ҳаргьы иҳазхоит, ихьӡ ҳпоезиа абзиабаҩцәа рыҩнуҵҟа наунагӡа иаанхоит».

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала Аҟәа ақалақьтә Еизара ахаҵгылара иабзоураны иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны Владимир Ахьиба акыр шықәса дахьынхоз Аҟәа ақалақь Омар Беигәаа имҩаҿы игылоу аҩнеихагыла аҭӡаҿы икыдҵоуп (2015) имемориалтә ҕәы.


ВЛАДИМИР АХЬИБА

           САН БАХЬ

 Са сышхәыҷӡаз саб

                        сыблаҿ дыршьит,

Аха сынкаршәны ҽа

                  насыҧк ахь бымцеит.

Инамцхәӡангьы сгәыдкылан

                            схы бшьышьит,

Ҽа хаҵак ибжьы сахыбаа сқьышә

                           мхьышьшьит.

 

Сан, бҳақ саҵоуп сыҧсы ҭанаҵы,

Баҧсуара, быламыс

                  иамаӡам чышәшәык…

Иреиҕьу сашәақәа

                            ҧсыс бырхаҵа,

Сыҧсуаразгьы быда

                       исымаӡам хәшәык.

 

Баҟак сызгылаз

                        саныҟам мышкы –

Сыхьӡи сыжәлеи

                нас сабхьӡи адырбар…

Са сыҧсы змырҭынчуа

                                 ыҟоуп акы –

Исҭахыҵәҟьам быхьӡ

                           аганахь инхар…


Саб дысхыргахьан,

                            сыҟан сымала,

Аамҭа нықәҳа ицон

                              иахьеи-уахеи.

Сыҷкәынра саҩсит,

                        ицеит егьарыуала,

Мҩабжара сымала

                            схы сазынхеит.

 

Шьоук аргама исырҭахьан

                                   ахьӡ ҷыда,

«Циган» анырҳәалакь,

                сгәырҕьаҵәа сыччон…

Саргьы усҵәҟьа

                   сыҟамызт сымчыдан,

Сҭаҷкәымқәагь ишсылшоз  

                              иныҟәысцон…

Иҧхыӡушәа срызхәыцуеит

                                   исаҩсхьоу,

Иахьа сара сықәрахь сангьежьы.

Сышьхара иҩалашәаз

                        амра ахьҩеихьоу

Иҭашәаанӡа иаҳашоу

                               шьҭа сыбжьы?

Сыҷкәынра, сыҷкәынра,

            аҧша еиҧш исҧырҟьаз,

Хәыцрашәк сгәыҵаҳәҳәа

                        исҧырҵыз уара…

Иахьа схәыҷра ацҧыхьқәа

                  сымцахә иахылшәаз,

Схәыҷра ахәыблы

      иахьаҵаҧсо гәасҭоит сара…


АДУНЕИ АЗХӘЫЦРА

 

Аҩысҭаагьы дыҟоуп,

                 уи духьӡашт, – иҳәеит.

Ҩысҭаас иҟоу –

                    уи дуаҩуп, –иҳәеит.

Амаалықь дыҟоуп,

                     уи уибашт, –иҳәеит,

Маалықьс иҟоугьы

                      дуаҩҧсуп, – иҳәеит.

 

Адунеи, дад, абас ишоуп, – иҳәеит,

Џьара имырхәагоуп,

           џьара иҧшшоуп, – иҳәеит.

Адунеи, дад, абас ишоуп, – иҳәеит,

Џьара излоуп, дад,

               џьара иашоуп, – иҳәеит.

 

Адунеи зегь, дад,

                       иуаароуп, –иҳәеит,

Адунеи аҿы иҟоу, дад,

                          ҿароуп, –иҳәеит.

Уахьынӡаҟоу, дад,

                     қәҧароуп, –иҳәеит.

Уанаҵахагьы, дад,

                     цәгьароуп, –иҳәеит.


 

УАШӘАҚӘА

Иуа Коҕониа изкны

Адгьылқәа ирықәҩны,

Ааҧынқәа ирылыҩны,

Афырхаҵара иахыҩны

Ишьҭыҵуеит уашәақәа.

 

Ашәҭышқәа иргәылшәаны,

Ашьхақәа иргәылҧханы,

Ашьанҵа иаҿыҩны

Икаҩуеит уажәақәа…

 

Адгьылқәа ирықәҩны,

Ааҧынқәа ирылыҩны,

Афырхаҵара иахыҩны

Ишьҭыҵуеит уашәақәа!


ДГЬЫЛИ ЖӘҨАНИ

Дгьыл жәҩани срыбжьахеит,

                           дгьыли-жәҩани…

Схы-сыҧсы зегь ҟаҭәахеит,

                                  о, избан?!

Ҧҳәызба бзиак дысгәаҧхеит,

                                  мап лкит.

Лҿынӡа сымҩа харахеит,

                               са сыгәкит.

Мраҵас дыҟоуп, уи дкаҧхеит –

                              са дыстәым.

Дгьыли-жәҩани срыбжьахеит –

                             џьа сатәым!


 АИНАЛ-ХӘҶЫ БАХЬ

                              Ацикл аҟнытә

  1. Наҟәак ахаан бахәаҽӡом уаҳа,

Б-Руслан аеҵәаццеи

                  бдунеи инахьирст…

Инапқәа кьаҿхарц аҧсцәаҳа,

Б-Руслан гәыҕрала

                 жәҩанахь бышьҭихт!..

 

Ашәҭи ашәҭи

          рҽааидкыл еибарҧшӡоит,

Амцеи амцеи наскьа-ааскьа

                               еибарҧхоит.

Ацқьареи, о, амреи еибаршәҭуеит,

Адунеи хәыҷ

              адунеи ду еиқәнархоит.

 

2.Руслан ибжьы баҳау?

О, Аинал-ҧҳа, сыҧшӡа, сбыҳәоит,

                              сгәы жьжьаӡа,

Ажәҩан иалшәан еҵәак

                             ҭалеит ижжаӡа,

Уи кыдзыршәаз ҳҩыза

                 даблырцаз иццакуеит,

Ах, сыеҵәаша сыдгьыл ашҟа

                                    игәкуеит!..

 

Бымшәан, о, бымшәаӡан аҳаҳаи,

Дгьыли жәҩани фырхаҵабжьык

                                        рмаҳаи.

 

Руслан игәырҕьара,

                          ифырхаҵабжьы

 

  1. Сықәҧеит гәышҧыла,

Абри адгьыл сыхьчеит,

Аҧша ансыжәла,

Сажәланы иҭасырхеит!..

Схы санҩах сдуӡӡахт!

Жәҩанахь схарахеит,

                   хыхь  аеҵәа каҷҷеит,

Акыркырҳәа ба быччеит,

Ажәҩанаҿы аеҵәа

Адгьылаҿы еиқәсырхеит.

 

  1. Аеҵәа аеҵәа иаҭоуп,

Аеҵәа аеҵәала иҧшӡоуп.

Ахәаҳарак бсызықәтәоуп,

                     иҿыбкаауеит сгәы,

Сгәи бара бгәи

            еицдыршәҭуеит мҩакы…

Бгәи сара сгәи агәгәаҳәа

                                   еисыроуп,

Баасамхагәӡыр,

                        ҳаи, ҧхашьароу?..

 

Аеҵәа аеҵәа иаҭоуп,

Аеҵәа аеҵәала иҧшӡоуп.

 

Аеҵәа аеҵәала иҧшӡоуп,

Урҭ ҳа ҳа хаҿ даара имаӡоуп,

Бхы анаасшьышь,

         сгәы аабшьшьызар иҭабуп,

Еицыҧхо аеҵәақәа еибатәуп!..

 

Аеҵәа аеҵәала иҧшӡоуп,

Аеҵәа аеҵәа иаҭоуп!..


 «САРА С-ШАМБОУП!»

Дытҟәан. Ддырҳәацәон

Жәандәырҧшьтәи арҧыс,

аха игәы мыҭрысит…

 

Сара с-Шамбоуп.

                       Шамба соуп сара.

Сыҧсадгьылаз

                    сацәшәаӡом аҧсра!

Сыбла шәамбарц,

             са шәсеихсны сышәшьы!

 

Аха шәшамбақәоуп,

                  шәлашәуп, шәлашәы!

Сиааира сааҵраҿ иҟоуп, абра,

Ашамбақәа зегь

                      шәызшьӡом шәара!

* * *

Аҧсадгьыл анеиқәхо зныкоуп,

Знык уацәхьаҵт, иҭахоит.

О, знык наӡаӡа иҟоуп,

Угәы анеиҭаҧа, уеилахәоит.

Зны ужәылар, иҟаӡоу гәыкоуп,

Знык! Ҽазнык уеиқәнархоит.


ЖӘАҨАҨЫК…

Гәаҩа дук сынҭысын,

Ҿаҩа мҩала сцон,

Жәаҩа хәы сырхысын,

Слеиҩеиуа сеимдон…

Уа жәаҩа шәҭы скымзи,

Жәаҩа-хә рҿы иҧшаан.

Уа жәаҩа лаҧш схымзи,

Рыжәаҩагьы хаан…

 

Рыжәаҩагьы аацәырҵын,

Рыхцәаҧшьқәа кассы,

Рыжәаҩагьы ааҳәыцмыцын,

Иааҭалеит рыҧсы…

 

Жәаҩаҩык аӡҕабцәа

Саҧхьа иаалашеит,

Жәаҩаҩык аӡҕабцәа

Саҧхьа иаакәашеит…

 

Жәаҩаҩык аӡҕабцәа

Ааицгәасҭан срытҟәеит.

Жәаҩаҩык аӡҕабцәа

Сааимаркын срыпҟеит…

 

Хәы-цыҧхьаӡа ашәҭышқәа

Срышьҭамларц азы…

Хәы-цыҧхьаӡа ашәҭ ссирқәа

Ҿысымхларц азы…

 

Гәаҩа дук сынҭысын

Ҿаҩа мҩала сцон.

Жәаҩа-хәы сырхысын

Рыжәаҩаӡәк дызгон!..