Print this page

Милаҭ бааҧсы ыҟаӡам…

Жәабран 16, 2023 170

«Милаҭ бааҧсы ыҟаӡам, ибааҧсу апо­ли­тикцәа роуп» – иҳәон Аҧсны аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь.

Ирацәоуп асеиҧш изырҳәоз амзызқәа. СССР ааӡамҭацәа – аинтернационализм зегьы рхадараҿы иҳаргылон. Ҳәара аҭахым, анационалист дахьугалак иара имилаҭ  ада даҽа милаҭк дуаҩуп ҳәа дишьаӡом. Усеиҧш ирааӡаз, атәым милаҭ атәамбара злыжжуа, насгьы «амшә зааӡаз дафеит», ҳәа ҳадгьыл иарцәыцәыз ақырҭуа жәлар рҵакыра роуп «ҳтәыла ҭашәырцәы, ақырҭуа дгьыл – ақырҭқәа рзы», ҳәа еибарҳәҳәо ҳаҳҭнықалақь Аҟәа аҧшаҳәа инавалаз. Урҭ «ҳашьцәа» 1992 шықәсазы ҳажәҩан цқьа ашәшьы нахадырҧеит.

Аӡахәа зхарҵаша Сталини Бериеи раахыс Аҧсны Қырҭтәыла иатәуп ҳәа иҳа­ларыӡҩаз «ахҵәацәа» ҳрышьцылахьан. «Ахҵәацәа» – нас уаҳа ишҧарзуҳәои?! Урҭ раашьа атәы Аҧсны аҭоурыхҭҵааҩцәа ибзианы ирыҩхьеит. Сара сыззааҭгыларц исҭаху ҳџьынџьтәылатә еибашьраан урҭ  ирхымҩаҧгашьаз атәоуп.

Ҳгәаҳҽанӡамкәа танкла  ҳаҳҭнықалақь иақәлаз аҕа игәырҕьаҵәа, ашәҭ шьыҵәрақәа ргәыҵакны ирҧылеит «ҳаишьцәоуп» ҳәа иҳаванхоз ҳгәылацәа ақырҭцәа.

Ақәылара, арҳәра, ачарҳәара – абри ауп дгыларас иаҳбаз дара рҟынтәи. Настәи… усгьы еилкаан. Ҳақалақь рызныжьны, аҧсыуа зхылаҳәоз зегьы Гәдоуҭаҟа  ҳҿынаҳхеит.

Иаалырҟьаны  амца қьоуқьад  – аибашьра амца иалагылаз ҳажәлар маҷ, ахеиқәырхага абџьар шырҭахыз еиҧш, ирҭахын ажәабжьгьы. Гәдоуҭа ақалақь аҿы рхы еидыркылеит, аинформациатә амассатә хархәагақәа русзуҩцәа: аҧсуа радио, агазеҭ «Аҧсны», аҧсуа телехәаҧшра уҳәа.

«Абџьар кны ахы иаҿагылаз, есыҽны аҧсра абла иҭаҧшуаз ҳаибашьцәа рус ҧшьа ҳажәлар рҿынӡа анагараз џьара акала ҳаҵамхандаз ҳәа акәын усҟан ҳара ҳусура зызкыз», азгәеиҭоит ажурналист Руслан Ҳашыг зны ажурналистцәа ҿарацәа данырҧылоз.

Аибашьра анцоз Гәдоуҭа иҭыҵуаз агазеҭ «Аҧсны» адаҟьақәа рҿы ҳаҧхьоит ажурналист Рамиз Барцыц истатиа «Иқәҵны ицо»… зыхьӡу «Жәацы сиҿцәажәеит Аҟәантәи иалҵны иааз аҧсыуа хаҵак. Ирацәаҩуп аҭыҧантәи ақырҭқәа рахьтә ичарҳәаҩцәаны зхы аазырҧшыз. Ҧхашьарак рыбла ихӡамкәа, аҧсуаа ахьынхо ҳәа иҳалаланы ҳуадақәа ддырбоит Қарҭынтәи иааз аруаа. Нас урҭ  иҳахҭыргази ҳашдырҳәуази усгьы ишәаҳахьазар акәхап». Даҽаӡәы еиҭеиҳәоит: «Игәаҟуаз быргк ача ааихәарц аишьҭагылахь днеит. «Абар аҧсуа ача игарц дахьаа, шәызихәаҧшуазеи», лнацәа иқәкны аруаа налырҧшит ҧҳәыск. Абри ашьҭахь ишьклахысуа каамеҭ изаарцеит. Ихы дамыхәо дҟарҵеит. Аӡәы аҭел дасзар акәхап, ацхы­раара ласы ааит. Аха урҭгьы дыргар рымуит.

Гагра ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҿы ианыҟаз амитинг аҟны ақырҭуа ҳәсақәа рхацәа рцәа ҧҽуа иқәгылеит, «шәара аибашьра шәылымшозар, абџьарқәа ҳара иҳашәҭа ҳиҧкақәа  шәара  ишәаҳҭоит. Уаҳа ҳалымшаӡаргьы Гәдоуҭаҵәҟьа агара ҳамч  акәхоит» Абас рҽырҕәҕәаны игылазаап, абригьы зыб­лала избаз иаҳ­зеиҭалҳәеит.

Абас имишәанха рхы аадырҧшуеит ақырҭуа ҳәсақәа рацәаҩны.  Аха ҳҵеицәа фырхацәа Гагра ахы иақәиҭыртәырц ианалала рааҵәажәқәа, рымаҭәажәқәа рҭажьны, иҩны акәын аҳәаахь ишцоз. Ус иҧеиҧшуп амилаҭ еизыҟазаашьаҿы зыламыс зынӡа изцәыӡыз, ампыҵахалара злаҽны иҟоу», – иҩуеит Рамаз Барцыц.

Кавказ ажәларқәа рҿы ан, аҧҳәыс лажәа акраҵанакуан, уи  деиныршәаҩын. Ирҳәоит: «аҳәаҭыхла еибашьырц еиҿагылоз лкасы аалхыхны инарыбжьалыршәыр – еинлыршәон». Убри аҟынӡа аҳаҭыр лыман, лажәа ҟәышын. Аибашьра ҳанақәшәа ақырҭуа ҳәсақәа ражәақәа шҳамха, еичырчаҩха иаақәгылеит.

Иабанӡаҳараку март мза, 1993 шықәсазтәи ажәылара ашьҭахь аҧсуа ҳәсақәа, аҧсуа анацәа, ирҳәаз ажәа, иаадырҧшыз ачҳара. Зҵеицәа  рыбаҩ змауз анацәа «Ҳаҧсцәа ҳарҟәаҵып, урҭ рыдгьылаҿ ишьҭоуп, ҳара ҳзызхәыцша ахәымга дшалаҳцаша, ҳшаиааиша ауп», ҳәа иқәгылеит анацәа.

Зыҭра иҭҟьаны аҧсуа идгьыл дахыбаауа «Чеми миҵа» ҳәа Аҟәа аҧшаҳәа иаваз аекстремистцәа идырҿиоз иагеит. Даара ирхәыцгоуп ақырҭуа классик Константин Гамсахәрдиа ироман «Амза амҵарсра», абар дара: «Аҭаҳмада дааҟәымҵӡакәа Арзаҟан дахьҽыбҕаҟаза  ццаку азы иабжьара даҿын: аҽыбҕаҟаза бзиа иҟамчы ашьҭыбжь мыцхәы иргаӡом, мыцхәы иахиҟьаӡом иҽы аҟамчы, иҽыжәу аҧшә­маҵәҟьа  шиакәу аҽы иадыруеит ҟамчыдагьы. Зцәа иҭыхны иргәаҟны аҽқәа зшьуа агырқәа роуп. Агыруа ҽык азы иуимҭара иҟоузеи адунеиаҿы иҧҳәыс, ихәыҷқәа, аӡәгьы дреигӡом, аха ҽыҩаапкык имҧы­хьашәаны, џьара ҽыбҕаҟазак иаҳсабала ихы дирбартә даныманшәалаха, – уиқәымгәыҕын, иҽы шиҵыҧсаауа идыруазаргьы агәхьаа икӡом». Сара  иацысҵар исҭаху усҟан Қырҭтәыла  иахагылаз амчрақәа Аҧсны иаланхоз рыжәлар, Сталини Бериеи  аҳәиҵәҳәа иҟьаны иҳаларыҧсахьаз, дақырҭуоума, дагыруоума – маругаҵас рхы иадырхәеит, аҵыхәтәаны иагьыхдырҵәеит.

Иахьа, иреиҕьу ҳҵеицәа ршьала икәабаны ҳаҧсадгьыл аныцқьаха рхашҭшьас иҳамоузеи зыҧсҭазаара ҳхақәиҭра иахҭнызҵаз егьырҭ амилаҭқәагьы: аурыс, ачерқьес, адыга, аерман, аказақ уҳәа рфырхаҵара. Урҭ рыхьыӡқәа хьтәы нбанла ҳҭоурыхаҿ ианызаауеит, абиҧарақәа еимырдалоит.

Милаҭ бааҧсы ыҟаӡам… аха еснагь угәы уҽанызароуп, аҧсуа!


Наира Сабекиа