Print this page

Ирҧеиҧшхозеи ҳҿар?

Жәабран 16, 2023 330

Сынтәа  зегьы ишаҳдыруа еиҧш, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи 30 шықәса ҵуеит. Ари аамҭа иалагӡаны, ҳәарада, Аҧсны аҿар рыхдырра, рхәыцра акырӡа иазҳаит. Иҟоуп аҿар, Аҧсны еиҧш, уи анҭыҵгьы иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭоу, ианалгалакгьы зҵара аквалификациа шьҭызхуа. Хыҧхьаӡара рацәала рҵара қәҿиарала ихыркәшаны, рыҧсадгьыл аҿы аӡәырҩы аусура иалагахьеит. Иара убас иҟоуп аҿар, еиуеиҧшым аспорт хкқәа рганахь ала ақәҿиара дуқәа аазырҧшхьоу, аспорт иазҿлымҳау. Аҟазара атәы анаҳҳәа, иазгәаумҭарц залшом аҿар Аҧсны акәашаратә ансамбльқәа рхы шрыладырхуа, иара убас ашәаҳәара аҟазара злоу ахәыҷқәа ашәаҳәара рхы шазыркуа. Изныкымкәа-иҩынтәымкәа рықәгыларақәа рыла, Аҧсны еиҧш, уи анҭыҵгьы аџьшьарақәа роухьеит.

Аха убри аамҭазы, Аҧсны жәлар зегьы рзы иҵару, угәы узырхьуа проблема дуны иаанхоит, аҿар ана­р­команиа рҽазкра, амҩаҿ рҭахара, усурҭада иахьаанхо, хыҧхьаӡра рацәала аҵарамҩа иқәы­м­лаӡакәа, дара ргәаа­нагарала «еиҳа имариоу» амҩа ана­лырхуа, уи аҕьычра, арҳәра,  анар­котикатә маҭәа­шьарқәа рхархәара.

Ҳәарада, аибашьра ианысыз усҟантәи ахәыҷқәа, уажәшьҭа иҭаацәароу дубап, иҭаацәарамгьы ыҟоуп, ажәакала ирызҳахьеит. Урҭ зегьы ҧсихологиала астресс ду зауз, зхәыҷратә ҧсихологиа шьақәҟьаз роуп. Уи акәзаргьы ауеит аҿар зым­ҩахҟьаз, ҳәарада, ирныҧшит. Зегьы аибашьра иахараҳҵаргьы иашам, избанзар  угәы ҭызгаша аҿаргьы ҳамоуп ҵара­лагьы, дыр­ралагьы, ҟазаралагьы.

Анаркоманиа атема сана­лацәажәа, еилыскаарц сҭаххеит иахьатәи ҳаамҭазы Аҟәатәи анар­кологиатә центр аҿы ачымазцәа ацхыраара шрырҭо, проблемақәас ирызцәырҵуа. Аҭҵаара мҩа­ҧызгарц анаркологиатә центр аиҳабы Ирма Константин-иҧҳа Ануа слыҿцәажәеит. Уи лажәақәа рыла, мызкы аҩныҵҟа 100-ҩык инарзынаҧшуа ачымазцәа рыдыркылоит, ацхыраара рырҭоит. Аха убри аамҭазы иазгәаҭатәуп, уи ахыҧхьаӡараҿы ишыҟоу арыжәтә џьбарақәа, анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкылогьы. Урҭ зегьы хәыдаҧсада ацхыраара рырҭоит. Иҟоуп ачымазцәа, анаркотикатә маҭәа­шьарқәа зхы иазырхәо ацхы­раара анроулак аҩныҟа ицо, иҟоуп ачымазцәа, иаразнак мышқәак рнаҩсангьы аҩныҟа иузоумыжьуа. Лара иазгәалҭеит, ус еиҧш иҟоу ачымазцәа рҭаацәа, ргәа­кьацәа, рҩызцәа адырра шрырҭо, рыҧсҭазаара ашәарҭара ишҭагыло аҩныҟа иргар. Убри азы даргьы ақәшаҳаҭханы ацентр аҿы иаанрыжьуеит аҳақьымцәа рхы­лаҧшрала  ацхыраара рыҭаразы. Иара убас илҳәеит, ачымазаҩ аҽыхәышәтәра агәаҳәара иманы дааир дышрыдыркыло, ишрылшо ала ацхыраара ширҭо. Ари ацентр аҿы иҟоуп аҧсихологцәа, аҧсихиатр, аноркологцәа.  Иаз­гәаҭатәуп, зҽызхәышәтәуа ачымазаҩ аҧхьатәи амшқәа иҧсы ишьарц шахәҭоу, аҧшьбатәи амш инаркны аспе­циалистцәа иацәажәара, аус идулара ишалаго. Ачы­мазцәа зегьы  бзиа ирбоит аҿцәажәара.

Лара лажәақәа рыла, ацентр аҟны иҟоуп, шықәсырацәала анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкылоз, аха зҽыхәышәтәны, амҩа иаша ианылахьоу. Ауааҧсыра еиҿыркааит аҧсихологиатә гәыҧ, даҽакалагьы хьӡыс измоу ахацхраара. Ари агәыҧ еиднакылоит 50-ҩык, урҭ ацентр аҟны еиқәшәоит мчыбжьык ахьтә ҧшьынтә. Дара анеизо, асеминарқәа анымҩаҧырго, ацентр аҟны ишьҭоу ачымазцәагьы рхы аладырхәуеит. Ас еиҧш иҟоу агәыҧқәа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынгьы практика ҳасабла аус адыруеит. Ари агәыҧ Аҧсны иҟоижьҭеи  10 шықәса ҵуеит. Раҧхьаӡакәны  агәыҧ аартын Гагра ақалақь аҟны, анаҩс – Гәдоуҭа,нас – Аҟәа. Аҟәа ақалақь аҿы ҩыџьара еизоит, иара уаҟа, анаркологиатә центр аҟны, даҽа ҭыҧк аҿгьы. Асеминарқәа аартуп, рҭаацәа роума, ажурналистцәа роума, дарбанзаалак  агәаҳәара змоу ры­латәара ихы алаирхәыр ауеит.

И. Ануа ишазгәалҭаз ала, аус еицыруеит Краснодартәи анаркологиатә  центрқәеи дареи. Уаҟа иҟоу ацентрқәа ҳәынҭ­қарратәӡам, икоммерциатәуп. Избанзар уи ахарџь ду аҭахуп, хыҧхьаӡара рацәала ачымазцәа акрырҿаҵаны, рышьҭаларҭа ҳаамҭазтәи астандартқәа ирықәшәо, аспециалистцәа аус рыдыруло аҟаҵаразы. Насгьы уи жәамш, ҩажәамш ракәӡам, анаркоман ганрацәалатәи ацхыраара бзиа иҭаны ихәышәтәразы шықәсык анаҭаххо ыҟоуп, мамзаргьы фымз инаркны аамзы рҟынӡа. Уи зегьы ахарџь дуӡӡа ахьацу азы акоммерциатә центрқәа рыда алшара аҳәынҭқарра иаҵанакуа иамам, Аҧсны еиҧш,егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны ус иҟоуп.

 Ирма Ануа излаҳалҳәаз ала, Краснодартәи анаркологиатә центрқәа ҩба рҟны хадара азызуа аҷкәынцәа, дара ирхәышәтәхьаз, амҩа иашахь иқәырҵахьаз рчымазцәа шракәыз. Уи анаҩсангьы, еиҭах рхы аус адуланы абас еиҧш иҟаз ацентрқәа аадыртит,  аимадарагьы рыбжьоуп. Иара убас лара илҳәеит ачымазцәа анылырҩаауа, рҭаацәа, ргәакьацәа ааҧхьаны ишрарҳәо, ари ацентр аҿы ироуз ацхыраара аамҭала ишрыхәо. Анаркоман ибзиаӡан ихәышәтәразы ари ацентр мацара шимыхәо, Краснодартәи ацентрқәа рҿы ада. Аиашазы, ахарџь ду шаҭахугьы, зыхшара дәықәызҵақәогьы ыҟоуп. Мызқәак анҵлак ачымазцәа ранҽырхәышәтәлак анаҩс, дара рахь имҩахыҵны иҭабуп ҳәа раҳәан ицақәогьы ыҟоуп.

Иазааҭгылатәуп даҽа проблемакгьы – иахьатәи ҳаамҭазы аҿар усурҭада раанхара. Аҿар, Аҧсны еиҧш, уи анҭыҵгьы еиҳау аҵараирурҭақәа ианрылгалакь рзанааҭ ала аус руртә еиҧш аҭыҧқәа роуам. Аӡәык-ҩыџьак аусура иалагоит, Аҧсны ишаҧу еиҧш, ауаҭахыла, адыр дызмам аган давахоит. Аҧсны иҟоуп аҿар хазына, ззанааҭ ала аус зуртә еиҧш аҭагылазаашьа змам. Урҭ рзанааҭ ргәы анацәкаҳалак, даҽа хырхарҭак ала аусура иалагоит. Аӡәы ахәаахәҭра иҽазикуеит, даҽаӡәы – даҽа маҵзурак. Иҟоуп даҽа ганкгьы, аҵара ду иалымгазаргьы, згәырҵҟәыл бзиоу, зхатә џьабаала аус зурц зҭаху, иахьатәи ҳаамҭазы ибжьымсыз аҿар. Урҭ ирыҧсыхәоузеи? Сара, хаҭала, издыруеит  ақыҭа аҟнытә  ақалақь ашҟа  аҷкәынцәа иааз, џьара ҧсыхәак ахьамоу, аидарашьҭыхра акәзаргьы аусура ҳалагап ҳәа. Аӡын ҳҭаацәа ҳашҧарыхәаҧшуеи аҩны ҳтәаны, ҳәа ихәыцуа. Арҭ ҵарбыргыҵәҟьаны, зхатә џьабаала ахныҟәгара зҭаху роуп. Арҧарцәа ирыдҵаалон еиуеиҧшым аилазаарақәа, аха илҵшәадахеит зегьы. Избанзар, шәгәы ишҧаанагои, адыр дрымамызт ауми иҟалаз.

 Ишҧарыҧсыхәоу аҿар ақалақь аҟны еиҧш, ақыҭақәа рҿы иҟоу. Рхы зланыҟәыргозеи адгьыл иқәаарыхыр, рџьабаа ахәҧса амамзар, ақалақь ахь иаар аусура рзымҧшаауазар, ирҧшаар иахьыҧхьаша ауада ахәҧса иазыркуа мызкы идырҳауа азымхозар. Ирыз­хьаҧшуада абас еиҧш иҟоу аҿар ирыз­цәырҵуа апроблемақәа? Ианбанӡа ас, аӡәы изы зегьы, даҽаӡәы изы зынӡаск акгьы. Ҳара ҳҿар, уаҵәтәи ҳҧеиҧш ҳҳәозар, ирҧшӡаны ҳанцәажәо,адгылара, ацхыраара рыҭатәӡами? Апроблемақәа  рахьтә акы ҩбак хыхь – хыхь сызлацәажәаз ирызкны ирыҩхьеит астатиақәа, иҭры­жьхьеит узырхәыцша авидео­роликқәа, имҩаҧыргахьеит еиуеиҧшым асеминарқәа, акциақәа. Аха  ус ала мацара арҭ апроблемақәа узыӡбом,макьана ҳҿар рыпроблемақәеи дареи еизынхоит. Аха ргәыҕра дырӡуам.


Стелла Сақаниа