Print this page

Афырхаҵара ыӡӡом

Жәабран 16, 2023 350

Аиба Шаликәа Ақсенти-иҧа изнымкылоз илаҕырӡқәа рыцқьо, имаҭа  дааигәыдкыло, ус иҳәалон: – Ҳхьаақәа ирхәырбҕьыцу ари лоуп, дҳамамзар ишаҳхаагоз сыздыруам.

Зегьы ирыхьыз ауп иҳахьыз, ҳарҭ ҳаӡәыкым. Ҳаҧсадгьыл еиқәдырхеит, уи зегьы иреиҳауп, – лҳәеит Раиа Кәарҷелиа-Аиба.

Аиба Ерик Шаликәа-иҧа цәыббра 7, 1968 ш. Гәдоуҭа ақалақь аҟны диит. Гәдоуҭатәи­2-тәи ахәыҷтәы баҳчахь дныҟәон. Аабатәи акласс Гәдоуҭатәи абжьаратәи аурыс школ №4 далгеит. Иара ақыҭа Уаҭҳара, иаб дахьиз иҧсы алан. Ажәбатәи ажәабатәи аклассқәа дрылгеит. Ианду Аџьба Тониа лыбзиабара еснагь ицын. Изҳашьа, ихәыцшьа, ицәажәашьа, дызлагылаз дрылукаауан. Даара Аҧсны аҭоурых дазҿлымҳан. Иан лаб Григори Кәарҷелиа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз идҳәалаз ахҭысқәа дрызҿлымҳан. Уи иан зҵаара шәкы лиҭон, зылаҕырӡқәа ззаанымкылоз иан ус леиҳәон: – Сара уи идҳәалоу зегьы еизызгоит, анышә дахьамоугьы сыҧшаауеит ҳәа  леиҳәон.

Аиба Ерик ашкол даналга Ростов ақалақь аҟны ақыҭанхамҩеи  амашьы­наныҟәцареи азанааҭ ала атехникум дҭалоит. Аҩбатәи акурс аҟны дыштәаз арра дыргеит. Краснодар инаигӡон иуалҧшьа. Иан Раиа еидылкылон уантә иааишьҭуаз асалам шәҟәқәа, урҭ руакаҿы абас иҩуан: – Сҭаацәа зегьы шәыгәхьаазгоит, аха сара хаҵаҵас суалҧшьа насыгӡоит. Уаҭҳараҟа зегьы сысалам сызрышәҭ. Бзиа шәызбо Ерик… Аррантә даныхынҳә Ростов иҵара иациҵеит. Идипломтә хьчара анымҩаҧысуаз  аҽны адунеи зегьы иахыҵәаз, Аҧсны аибашьра ишалагаз иаҳаит. Уи аҽныҵәҟьа амҩа дықәлеит.

– Дшааз ҳаҳаит, дызбаз иҳарҳәеит, – лҳәеит иан Раиса, – аха аҩны даадымгылаӡакәан дышиашаз Пицундаҟа дцеит. Уаҟа зеиҿкаара иаҿыз аибашьратә гәыҧ иҽалаирхәит, уаантә ажьырныҳәа мзазы Зарданиа Руслан напхгара зиҭоз агәыҧ ахь диасуеит.

Аиба Ерик иабџьар имаз деигәырҕьон. Иавтомат амаа амаӡамызт, уи аиҭаразы аҩныҟа иманы дааит. Аб иҧа иааимихын, изеиҭеит. Уи аамҭазы иан илзеиҭеиҳәон: – Ростовтәи авокзал уаала иҭәын. Иаҳа иахьҭынчраз кәакьк сынкҿатәеит. Сылаҧш азал агәҭа иқәгылаз ателевизор ахь ихан. Ажәабжьқәа сырзыӡырҩуан, сааигәа итәаз ациганцәа рцәажәарақәа акгьы удырҳауамызт. Уаҟа ирылатәаз ациган ҧҳәыс ус салҳәеит:  «Уара арҧыс 24 шықәса анухыҵуа уҭахоит ушқәыҧшу уҧсҭазаара ҿахҵәоит…»

Иан Раиа азныказы дааиҵанарҕәҕәеит илҳәаз. Нас акгьы ҟамлаӡазшәа Ерик ихы-иҿы лашаӡа иан ус длазҵааит: – Сан аибашьра еилгар, ҧҳәыс даазгар илысҭо бымоу? – ҳәа… Иан лхаҿы аалашан, иҵәахны илымаз амацәаз илырбеит. Даара деигәырҕьеит.

1993  шықәса, хәажәкыра 5  рзы Уаҭҳараҟа дцеит. Зегьы еизеит, иаб иашьа иҧҳа  Анета хәажәкыра 23 рзы лымшира ыҟан, саауеит ҳәа  лаҳәаны Гәымсҭаҟа амҩа  дықәлеит.

Аиба  Ерик иашьеиҳаб  Емикгьы абџьар даҵан. Уи Абҕаџьаа Ҭамаз икоманда далан. Гагра анҭадырцәы Емик дызлаз  агәыҧ Сальмаҟа ишьҭын. Хәажәкыратәи ажәылараан Гәымсҭаҟа иҩаган. Акыраамҭа  еибамбацыз аишьцәа Аладатәи Ешыра еибабеит.

Аиба Ерик дызлаз командирс Ахба Даур дрыман, урҭ Аладатәи Ешырала ицон. Аӡы иӡаалеит, хҩык Ерик ицыз рыҟнытә аӡы дызмыруа далагеит. Иҩызцәа ус рҳәеит: – Аӡы дырганы уа дааныжьны шәааи, сара Гәымсҭа  наҟ сышәзыҧшуеит… ҳәа.

– Ерик, - иҳәеит иаб Шаликәа, – сашьа Лиутики иареи аӡы еицырит. Ерик аӡы нырцә иаанхаз иҩызцәа дырзыҧшыр иҭаххеит. Сашьа Лиутик дызцыз акоманда ҧшын, игәы шихьыблуаз ико­мандахь дцеит.  Иашьеи иареи иеицәыӡит. Ҩ-сааҭк иназынаҧшуа  аиҿахысра ҕәҕәа цон, Гәымсҭа ахәцәа рыбжьы аиҩхаа ҭнарцәажәаауан…

Аиба Ерик Шаликәа-иҧа хәажәкыра 15-16-тәи ажәылараҿы хабарда дыбжьаӡит.  Аҭаацәа гәаҟуан, дызлаз, дызцыз иҩызцәа ихабар рыздыруамызт. Изазҵаауа, изыдгыло  дырзымдыруа,  игәжәажәо рыҩны иҩнан. Хәажәкыратәи ажәылараҿы иҭахаз Герман Лакәиа иҵәыуара Ерик иан Раиа дааит. Абраҟа зхабар ыҟамыз рыӡбахә акәын ажәлар ирҳәоз. Аҩны дахьааиз Ерник иаб иашьа Гәырам ҿаҧшылара имаӡамкәан, ус иҳәеит: – дыхәны дааргоит, рҳәеит! Ан лнапқәа ашьаҟа иаларҧсны иахьылкыз ирзам­хуамызт Уи бзиарак шыҟамыз лцәа иалашәахьан… Аха, Ерик ихабар ыҟамызт… Ерик иҧсы ҭаны дыҟазҭгьы, ихабарк ҳирдыруан… Уи ус аламала  итҟәаны иугоз уаҩымызт…

Аибашьра еилгеит. Ерик еиҧш хабарда ибжьаӡны иҟаз рацәаҩын, Шаликәа еилкааны идыруан иҧсы шҭамыз, аха иҽырҕәҕәаны, ус иҳәон: – Иаҳҧеиҧшу, иаҳлахьынҵоу ҳбап.

Аибашьра анеилга, Аҟәа ақалақь аҟны аиашьаратә нышәынҭра анаадыртуаз, ҭаацәала зегьы рымҩа уахь ихан. Даҽа  аамҭак еиҧшымкәан афырхаҵа иан дыҕәҕәан.

Аиашьаратә нышәынҭра аҧхьатәи амш аан Ерик аӡәгьы дизымдырит, дизы­мҧшааит. Иаб илаҕырӡқәа мчыла иаанкыло ус иҳәеит: – Сашьцәа, ҳаҧсцәа ахьыҵаз ажра иҭалеит, аӡәаӡәала иры­хәаҧшуан, аӡәаӡәала иҭыргон… Аҵы­хәтәан сашьа  Лиосик ихала  дҭигеит, дидырит…

Аиба Ерик Шаликәа-иҧа Оҭҳара ақыҭан анышә дамадоуп. Ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал. Иан ичаразы иҵәахны илымаз амацәаз,  иара изкыз, иашьа иҧҳазаҵә Линда Аиҧҳа илзынлыжьит. Уи иахьа аҭаацәара далалахьеит. Лаб иашьа Ерик иҩызцәеи иареи рыҧсы зларҵаз адгьыл аҿы дынхоит.

Аиба  Шаликәа Ақсенти-иҧа ашықәс рацәа изнымҵӡеит. Зашьазаҵә ихьаа еснагь изцыз Емикгьы хара  дзымнеиӡеит. Урҭ ахьаақәа рдацқәа зегьы зыхҟьаз аибашьроуп. Аиба Линда Емик-иҧҳа лабиҧара иацылҵо, аҧсҭазаара лаша амҩа лареи илзааигәоуи зегьы рзы илашахааит, иҭбаахааит, аҧеиҧш дуӡӡа лыцзааит! Афырхаҵара ахаан иӡӡом!


Гугуца Џьыкырба