Print this page

Азҵаара ақәыргылара иаамҭоуп

Абҵара 25, 2022 208

 

Аҵарауаҩ, атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алеқсандр Чамагәуа акыр шықәса раахыс инапы алакуп абжьаратәи ашкол апрограмма иаҵанакуа аматематикеи афизикеи рмаҭәарқәа рҵакқәа раарԥшра алзыршо ажәақәа аԥсышәала рырцәажәара. Ари аганахьала ажәарқәа аус рыдиулоит, иҭижьхьоу ируакуп «Аурыс-аԥсуа аԥсуа-аурыс афизика-математикатә жәар».

Аԥхьаҩцәа ишәыдигало астатиа азкуп ихарҭәаау амилаҭтә аԥсуа школ азҵааразы иҟаҵоу, насгьы аԥхьаҟа шьаҿақәас иҟаҵатәу. Аԥсуа школ ҳажәлар рхеиқәырхара алзыршо амыругақәа ируакны дахәаԥшуеит аҵарауаҩ ихатә гәаанагараҿы.

Ҳаҭыр зқәу аҧхьаҩцәа!

Имаҷым ҳбызшәа аиқәырхараз аҳәынҭқарраҿы имҩаҧырго аусқәа, аха ҳбызшәа еиҳа-еиҳа итәым бызшәахо иаҿуп. Ари нкылашьак аимур, ҳаблақәа шааҧшуа ҳбызшәа нҳампыҵҧша ицоит. Аҭагылазаашьа зыҧсахуа амҩақәа ируакуп (ирхадоуп ҳәа исыҧхьаӡоит) ҵаҟа сызлацәажәарц исҭаху.

Иҳаҧхьанеиуаз аҧсуаа, рнысмҩа егьа иуадаҩзаргьы, рҭагылазаашьа иашьашәаланы, ҳбызшәа еиқәырханы иахьанӡа иаҳзааргеит. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы, аглобализациа аҧсҭазаара ирццакны аҧсахра ианалага, ицәырнагеит амилаҭқәа зхыҧхьаӡара маҷқәоу  рбызшәақәа рзын ауадаҩрақәа. Аҵарауаа изларҳәо ала,  2101 ш. аҟынӡа адунеиаҿ иҟоу абызшәақәа реиҳарак ықәыӡӡаауеит, аҧсуа бызшәагьы урҭ рхыҧхьаӡара иалоуп. Уи иашоуп уҳәартә иҟанаҵоит ҩажәа шықәса рыла ҳцәажәашьа аҿахьынӡаҧсахыз ҳазхәыцыр.

  Уи аглобализациа иаҳзаанаго ауадаҩрақәа ҳбызшәа ианымҧшратә, еиқәҳархартә ҳабанӡазыҟаҵоу?

Иҟаҵатәузеи, иҳашьҭанеиуа рыхшара ҳбызшәа бзиан ирдыруа, ирныруа, иарала ихәыцуа  иҟаларц азын?

120 ш. ирҭагӡаны аҧсуа бызшәа аҿиаразы, аиқәырхараз иҟаҵақәоу маҷӡам. Иахьа Аҧсны абызшәа аиқәырхараз имаҷӡам аусқәа мҩаҧызго ахеилакқәа. Иҟоуп аинститутқәеи, акультура  иамадоуи, абызшәа иазкны иҷыдоу ауснагӡарҭақәеи, акьыҧхьи, арадиои, ателехәаҧшреи, аҵаратә системеи уҳәа иҵегьы. Иааидкыланы урҭ  зегьы ирымадоу ахарџьқәа рзын шықәсык  аҳәынҭқарра иҟанаҵо ақәырӡқәа 1,5 – 2  миллиард еиҳазар ҟалап, аха рылҵшәқәа азхоит ҳәа ҳҳәартә иҟам. Урҭ ыҟамзар аҭагылазаашьа зынӡагьы еицәахон, аха  рылшара шазымхо лабҿаба иаабартә иҟоуп.   

Ҳәарада, аҧсҭазаара ҧхьаҟа ицацыҧхьаӡа, адыррақәа ирыцлоит. Ҳабацәа, ҳабдуцәа раасҭа иаадырқәо акырӡа ирацәоуп, аха имаҷӡоуп урҭ реиҧш аҧсуа бызшәала ахьхьа-хьхьаҳәа ацәажәара зылшо. Шәазхәыц, аибашьра аахыс ҳбызшәа шаҟа аурыс ажәақәа алагало, ҳцәажәашьа зеиҧшрахаз. Иахьа аҧсуа бызшәа 100 ш. раҧхьа ишыҟаз аиҳа иҕәҕәахеит, иҕьацеит, аҭагылазаашьа еиҕьхеит ҳәа ҳазҳәома? Ҳәарада, иҟоуп аҿыц лагалақәа маҷымкәа аҧсуа бызшәа аҭҵаараҿы, аха ихадоу аусаҿ бызшәала ацәажәараҿ, аҵахь ауп ҳхы ахьырхоу.

   Аҵарауаа ирҳәоит, мгәаҭа иҟоу, ихшыбаҩ анышьақәгыло, уи ашәыгәхара ианаҿу, иан илаҳауа ашьҭыбжьқәа иаргьы иныруеит, ихшыҩаҿ иаанхоит ҳәа, уи адагьы, даниуа ициуеит хшаашьҭрала (зқьышықәсала амилаҭ рҟны ишьақәгылаз) адыррақәа (аинформациақәа) рацәаны ҳәа. Иарбан бызшәазаалак иамоуп аиҿартәышьатә кодқәа. Урҭ акодқәа аҧшқа ициуа адыррақәа ирылоуп. Убри аамҭаз, асаби абызшәа иҵаразын, даара аҭакҧхықәра рымоуп ани уи дзыҩнагылоу аҩнаҭеи. Абас ала, абызшәа аҵара ахыҵхырҭа мгәаҭантә иалагоит, анаҩс, иҩнаҭаҿы ицәажәозар уи ициз акод иақәшәо абызшәала, усҟан ҩышықәса-хышықәса рыла абызшәа аиҿартәышьа, аҳәоуқәа рышьақәгылашьақәа бзианы ихшыҩаҿ ишьақәгылоит. Аҧшқа иаамҭа хархәарада ицәыӡыр, абызшәа иҵаулан анырра ицәыцәгьахоит. Убас иҟамларц азын, аҧшқа дахьгароу аҩнаҭаҿы ихатәы бызшәа гозар, усҟан иаҳауа ажәақәеи, урҭ ҳәоула реибыҭашьеи, хшаашьҭрала ициз абызшәатә коди  реиқәшәара  ала, абызшәа  шьақәгылашьас иамоу арҵага шәҟәқәа рыла иҵозар аиҳагь ииашаны ихшыҩаҿ ишьақәгылоит. Абри ала, иаҳҳәар алшоит:– ан лгарашәа еиҳау рҵага шәҟәы ыҟам. 

Ари аҵакы ибзиан азхәыцра аҭахуп.

Ауаҩы дшыхәыҷу ауп абызшәа агәыблыра аникуа. Ҳбызшәала иахьа ҳашцәажәо ала, асаби гәыблырас ишьҭихуа, иаҳауа ҳцәажәашьа ауп. Анаҩс, асаби амобил ҭел анышьҭихлак, аусқәа акырӡа ицәгьахоит, имаҷхоит аамҭа аҧсышәала ацәажәара аниаҳауа. Абасала, ииашаны аҧсуа бызшәала ацәажәара ахәыҷқәа ираҳартә иаҳзынхаз аҭыҧқәа ахәыҷбаҳчеи ашколи роуп. Урҭ аҭыҧқәа рҿы иҟоу аамҭа ишахәҭоу еиҧш ҳхы иаҳархәар ауп, аха уи иахьатәи ҳҵаратә еибаркыра (асистема) иалшо иҟам, иалагалатәуп аиҭакрақәа.

Ахәыҷы аҧсуа школ дҭаҳҵеит ҳәа ҳаигәырҕьоит, атәым бызшәеиҧш аҧсуа бызшәа иазку урокқәак змоу ашкол ахь даннаҳгалак. Нас изџьаҳшьари аҧсуа бызшәала аҧсуаа ацәажәара иахьаҟәыҵуа? Ҳара ҳакәӡами аҿар аурыс бызшәала ашколаҿ рааӡара иаҿу? Ҳанбаҟәыҵуа аҧсуа школ ҳамоуп ҳәа ахжьара?

Адунеиаҿ ицо аиҭакрақәа, аглобализациа ицәырнагаз ауадаҩрақәа, зхыҧхьаӡара маҷқәоу амилаҭқәа рбызшәақәа ықәызхуа, ҳаҿагыланы ақәҧараз, аҧсуа милаҭ аиқәырхараз, хықәкы хаданы ишьҭаҳхыроуп абжьаратәи аҧсуа  школқәа раартра.

Аҧсуа школқәа раартра иҿыц ҳәамҭаӡам, иҿыц ҧшьгараӡам, аха алацәажәара ада акы убо, иуаҳауа иаҳзеиҿымкаацт. Мҩак алхны, иаҭаху аусқәа  рынагӡараз, ҭакҧхықәрала адҵақәа рыҭаны, аҳәынҭқарра аганахь ала ужәраанӡа усқәак рымҩаҧгара залымшеит. Ажәларгьы, уи илацәаажәо рзын, ҿырҧшӡала ицәажәоит, башоуп ирҳәо, усгьы акгьы алҵӡом ҳәа рҳәо, ираҳауа агәхьаа рнамҭо, ираҳауа агәхьаа рымкуа аҟынӡа ҳнанагеит лҵшәада ацәажәарақәа. Абри аҭагылазаашьа иаҳнаҭоит агәаҕьра, иқәҳаргыларц абас еиҧш иҟоу азҵаара:

     ИАҬАХУ, ИҬАХЫМУ АҦСУА ШКОЛҚӘА  РААРТРА?

Ари аҭак аҟаҵараз, зны ҳазхәыцып Аџьынтәылатә еибашьра (1992 -1993) зызкыз.

Ҳандырҵәозма ақырҭцәа, шәхәура ҳҭалоит ҳәа раҳҳәар? Еидызкылеи усҟан ҳмилаҭ?

Ҳаргьы, иҳахшазгьы, иҳацәҭахазгы, ирыхшаран иҟазгьы, иахьа ақырҭшәа аҷҷаҳәа иҳәо, ақырҭцәа рхәура ҳҭазаауан еибашьрала ҳарҿамгылар. Хацәнмырха аҿагылара ааҳмырҧшыр, иҟазаауазма Аҧсуареи аҧсуа бызшәеи иахьа?

Аҧсуаа Рыҧсадгьыл рхы ақәырҵеит анаҳҳәо, ҵакыс иамоу иаҵаҵәаху, аҧсуа бызшәеи Аҧсуареи реиқәырхара азы рхы ақәырҵеит ҳәа ауп иаанаго. Ари ҧҟаҧҵәоуп (аксиомоуп). Аҧсуа школқәа заҳҭаху аҧсуа бызшәа аиқәырхараз ауп.

Аҧсуа бызшәа аҟазаареи Аҧсуа Ҳәынҭқарра аҟазаареи акы ауп.

Иахьа лассы-лассы иҳаҳауеит «Аҧсуа бызшәа Ҧсоу урнагом,  изаҭахузеи аҧсуа школқәа раартра, урҭ раартра заацәоуп» ҳәа ацәажәарақәа.

 Агәра шәсыргоит, актәи  аҳәамҭа  аҧсуаа ҳаҕацәа ирбылгьаны иҳаларҵаз акы  шакәу.

Ажәаҳәа «Ҧсоу урнагом», иагәылакуп ахшыҩҵак – «аҧсуа бызшәа акгьы иухәом, акгьы иаҧсам» ҳәа агәаанагара узҭо. Ас иҟоу аҳәамҭа, аҧсуа  бызшәа агәахыршәага, аҵакы ӡәырҩы аҧсуаа азымхәыцӡакәа еиҭарҳәоит, уи акәым, ҧыҭҩык рхәыҷқәа аҧсуа школқәа ирывганы аурыс школқәа рахь инаргоит. Аҧхьаҩ!

Ҧсоу аҧсуа бызшәа акәӡам ауаҩы ириго – адырра ауп. Адырра змоу, даҽа бызшәак здыруа изын ҧынгыла ҳәа акгьы ыҟаӡам Ҧсоу анаҩсангьы, ааҩсангьы адырра ацәыргараз.  Аҧсуа бызшәала аҵара, аҧсуа бызшәа Ҧсоу урнагом рҵакқәа

зынӡаскгьы ихаз-хазқәоуп, урҭ еимадара ҳәа акгьы рымаӡам.  Дарбанзаалак зхәыҷы изын абзиара зҭахым дарбан?

Аҧсуа школаҿ адырра бзиа раҳҭо ҳалагар (аурыс школ аиҳагьы), усҟан аӡәгьы ихәыҷы аҧсуа школ давганы џьаргьы дигаӡом. Аус злоу, ҳашколқәа рыҟны арҵара ахаҭабзиара ҩаӡарас иамоу ауп. Иахьа аурыс школқәа рыҟны аҵаратә ҩаӡара маҷк иахьеиҳау азын, ҧыҭҩык аҧсуаа рхәыҷқәа уахь иргоит.  

  Ҳазлазыҟаҵоуи  иахьа аҧсуа школҵәҟьақәа раартра? Иҳамоуи рҵага   шәҟәқәас, арҵаҩцәа рыла ҳабанӡахиоу?

Амаҭәарқәа дырҵара шҧамҩаҧгатәу, ашкол иалгаз  иаҧхьаҟа абызшәазы ҧынгыла имаураз (Ҧсоу дыннамкылараз)?

Арҭ азҵаарақәа рахьтә зегьы реиҳа иуадаҩуп, иахьанӡагьы аусқәа нкылан изманы иаауаз аҧсуа бызшәала, арҵага шәҟәқәа рыҟамзаара ауп ҳәа ҳҳәар алшоит. Урҭ раҧҵаразы  иҟоу ауадаҩрақәа зыхҟьо еиҳараӡак «естественные науки» ҳәа изышьҭоу амаҭәарқәа аҧсышәала изырцәажәаша алексика ҳбызшәаҿы иахьыҟам ауп. Аха шьҭа ҿыҕәҕәала иаҳҳәар ҳалшоит, уи аҧырҟәҟәааразы аус аҕьырак ҟаҵоуп ҳәа.

Ишахәҭоу еиҧш аҧышәарақәа  ирхымсхьазаргьы, иаҳҳәартә иҟоуп, арҵага шәҟәқәа реиҭагара алзыршартә иҟоу ажәарқәа аҧҵоуп ҳәа. Урҭ зегьы ирхадоуп хтомкны  иҟоу Касланӡиа В.А., Џьонуа Б.Г. еиқәдыршәаз аурыс-аҧсуа жәар, еидызкыло 70 000 ажәа рҟынӡа. Иаҧҵоуп аспорт, агеографиа, аҭоурых, амшын, анхара, аиурист, акомпиутер уҳәа иҵегьы «агуманитартә заанаҭқәа» захьӡу ирызку ажәарқәа.

 Ишдыру ала, «естественные науки» ҳәа изышьоу амаҭәарқәа шьаҭас ирымоуп аматематика, афизика, ахимиа, абиологиа. Урҭ амаҭәарқәа, адырратә револиуциа аҧызҵаз, аҧсышәала ицәажәартә аҟаҵараз 200-300 ш.ш. аахыс ҳбызшәа ирзаламгалаз (ҳбызшәа иагхаз) харҭәаатәуп, мамзар, џьоукы атәым бызшәақәа  ражәақәа аҧынгыла «а» нарыцҵаны еиҭагоуп ҳәа ишыҟарҵо иҟаҵазар, усҟан абызшәа иацәыӡуеит «ахаҿсахьа».

 Амаҭәарқәа, абиологиа, аботаника, азоологиа ирызку арҵага шәҟәқәеи, урҭ амаҭәарқәа ртерминқәа аҧсшәахь еиҭагоуп П.К. Қәыҵниа иусумҭақәа рыла. Урҭ рахьтә иҟоуп иҭыҵхьоу ашәҟәқәа ҩба. Ахҧатәи  аҭыжьраз еиқәиршәеижьҭеи хышықәса ҵуеит, аха иҭзыжьшаз дҟамлеит.  

Лхатәгәаҧхарала С. А. Маанҧҳа илылшеит абжьаратәи ашкол апрограмма иаҵанакуа ахимиа арҵага шәҟәқәа реиҭагақәеи жәарла реиқәыршәареи. Уи еиқәлыршәеижьҭеи фышықәса иреиҳауп, аха уигьы зҭыжьымхеит.

 П.К.Қәыҵниа,  С. А. Маанҧҳа, А.Ҳ. Чамагәуа  еиқәдыршәеит иахьа ҵ-акласс афизика зларҵо арҵага шәҟәы аиҭага.

Уи афлешка ианҵаны, аминистрра аҵаратә ҟәшаҿы иҟеижьҭеи хышықәа ҵуеит, аха изҭыжьымхеит.

 Иахьа аматематика зларҵо, ашәҟәы аҟны амаҭәар аҵакы аишьҭанеишьа ала, авторцәа аҵаҩы дыррас ишьҭихырц ирҭахыз  згәылаку, џьара-џьара уи аиҳагь иҵаулоу, аха аҧсышәала ицәгьамкәа имцәажәо ашәҟәы ҭсыжьит 2018 ш. рзы.

Уи аҵара Аминистрра арҵага ҳәа рзахьӡымҵеит, ацхыраагӡа хәа азырҳәеит, аха азнык азы ахархәара алшартә иҟоуп рҵагак, ҧышәагак аҳасаб ала. Иара убри еиҧш иҟоу, аматематика афбатәи акласс арҵага шәҟәы напыла икьыҧхьу еиқәыршәоуп, аха изҭахыда?

 Ирҳәоит, иҟоуп аматематика ахәбатәи акласс арҵага шә-ҟәы аиҭага, аха уигьы аҭыжьра залыршамхеит.

Иҟоуп амаҭәарқәа  аматематикеи афизикеи ирызкны иҭыҵхьоу ажәарқәа С.Р. Қьышьмариа, Е.М.Шамҧҳа, Н.Л.

Пачлиа русумҭақәа, аха урҭ  рылшара маҷуп арҵага шәыҟәқәа раҧҵаразы. Урҭ ирыгқәоу акыр ханарҭәаауеит Аурыс-аҧсуа, Аҧсуа-аурыс афизика-математикатә жәар, абжьаратәи ашкол апрограмма иаҵанакуа, ицәгьамкәа аҧсышәала рырцәажәара алзыршартә иҟоу сусумҭа. Уи ажәар амҽхак акыр инарҭбаауп афизикеи аматематикеи ирыҵаркуа адыррақәа раасҭа, аха афизикеи аматематикеи дырҵараҿи, арҵаҩцәа разыҟаҵареи, аҭҵаарадыррақәа ирызку усумҭақәа аҧсышәала раҧҵареи рзын хәарҭара злоу усумҭоуп уҳәартә иҟоуп.

Уи  ажәар  абзоурала, иахьа абжьратәти ашкол иаҵанакуа агеометриа зларҵо  А.В. Погорелов  ишәҟәқәа аҩбагь (7 – 11 аклассқәа) хә-класск ирызку зҵазкуа реиҭага еиқәшәоуп аӡәыр икьыҧхьыр иҭахызар.

Аҧсуа бызшәала еиҭаганы иҟоуп ахәбатәи акласс иазку аҭоурых арҵага шәҟәы, аха уигьы ҭыжьым.

Иара убас иҭыжьым ахәбатәи акласс иатәу аҧсабараҭҵаара арҵага  шәҟәы П.К. Қәыҵниа иеиҭеигаз.

Абасала, иаҳҳәар алшоит, аурыс бызшәала аҵаратә еибаркыра иамоу арҵага шәҟәқәа реиҭагараз иаҭаху ажәарқәа еиқәыршәоуп, уи адагьы, ахәбатәи акласс иаҭаху арҵага шәҟәқәа рҭыжьраз ихиоуп ҳәа. Шықәсык ала хьаҳәа - ҧаҳәада ахәбатәи акласс иаҭаху арҵага шәҟәқәа аҧсышәала рҭыжьра алшартә аусқәа еиқәыршәоуп, изуалҧшьоу аҳаҵҳаҵара аадырҧшыр. Иахьа иалшартә иҟоуп хҧа-ҧшьба школқәа рыҟны урҭ арҵага шәҟәқәа рҧышәара мҩаҧганы, аредакциа бзиа (абызшәа аганахь ала) рызуны, нас ашколқәа зегьы ирызхаша даҽ шықәсык иҭагӡаны, аҵаратә шықәса 2024-2025 аан  иахьӡаратә аҟаҵара.

 Уи аамҭа  иалагӡаны  аҧсуа бызшәа здыруа,  аурысшәала урҭ амаҭәарқәа дзырҵо, иара убас  ауниверситет иҭоу, урҭ амаҭәарқәа заанаҭс ишьҭызхыз, аҧсышәала амаҭәарқәа ашколхәыҷқәа иддырҵалартә разыҟаҵара. Хымҧада, ус иҟоу аус мҩаҧгатәуп, избанзар, естественные науки (иҧсабаратәу маҭәарк) аҧсшәахь аиҭагараз маҭәарцыҧхьаӡа 100-250 раҟара ажәа ҿыцқәа абызшәа иалагалатәуп. Урҭ ажәарқәа, арҵаҩцәа ирхатәны, ишырҭаху еиҧш рхы иадырхәартә ажәарқәа рыла  рҵара залшом, хықәкыла иазыҟаҵалатәуп.

Убри азын, зны ашәҟәқәа реиҭагақәа аҧызҵаз рыцхыраара ала иазыҟаҵатәуп арҵаҩцәа, урҭ ишазыҟаҵоу алагь аршаҳаҭга рауроуп. Анаҩс – урҭ рахьтә, наҟ-наҟ ауниверситет аҟны арҵаҩцәа азыҟазҵашагьы ҳауеит.

Ишҧеиҿкаатәу аҵаратә ус аҧсуа школқәа рҟны? 

Хыхь ишаҳҳәаз ала, аҧсуа школ иалго, амаҭәар аҵакы даҿа бызшәак алагь иҳәартә адырра иаҳҭар ауп. Уи азын арҵага шәҟәқәа ҩ-бызшәак рыла ицәажәартә еиқәршәатәуп. Ҳара иахьа  арҵаратә ус амҩаҧгашьас  иҳамоу аурыс иҵаратә еиҿкаашьас иамоу ауп. Уи ҳусқәа акырӡа иарманшәалоит, избанзар, маҭәарцыҧхьаӡа арҵагақәеи, ацхыраагӡақәеи, азнагашьақәеи (аметодикақәеи), аҳасабтәқәа реизгақәеи уҳәа иҵегьы, классцыҧхьаӡа иахьа иаҭаху зегьы аурыс бызшәала иаҧҵоуп ҳәа ҳҳәар алшоит. Урҭ абжьаратәи ашкол иаҭахуп ҳәа еиқәыршәоу ашәҟәқәа зегьы 300 иреиҵам. Зегьы еиҭаганы иҭыжьны, арҵаҩцәа азыҟаҵаны  ашколқәа раҧҵара, ҳара ааигәа акәым ӡынӡагьы иҳалымшар ҟалап. Аҵаҩи  арҵаҩи зда ҧсыхәа рымам арҵага шәҟәқәа  роуп. Егьырҭ зегьы ацхыраагӡақәа арҵаҩы ииҭаху аурысшәала иҟоуп.  Ара зегь еиҭагатәуп ҳәа, аус ахгара акәымзар, уаҳа ҿарҧарҭак ыҟаӡам. Аматематикаҿ аҳасабтәқәа реизга еиҭагамзаргьы алшоит, иара арҵага шәҟәқәа ирну азхартә иҟоуп, аха иацҵатәызар, уи арҵаҩы илшартә иҟоуп. Арҵаҩы амаҭәар шыдирцаз, дыррас ириҭаз иашьашәалоу, иарбан ҳасабтәыс ириҭо  ахьааигашақәа рацәаӡаны иҟоуп, еиҭамгакәа ирыдигаларгьы ҧырхагак аман иҟалом. Ари ирласны ашколқәа раҧҵаразы иманшәалоуп, ақәырӡгьы маҷны иагоит. Усҟан еиҭагатәхо амаҭәаршәҟәқәа 18 раҟара ауп иҟало. 

Аҧсуа бызшәала хыхь еиқәаҳҧхьаӡаз ажәарқәа рыдагьы иҟоуп иҵегьы, аха рызегьы (еиқәаҳҧхьаӡазгьы налаҵаны) лексикала ешьашәало иҟам. Абарҭ ауадаҩрақәа аҧыр-ҟәҟәааны, аҧсуа бызшәала зхаҭабзиара ҳараку арҵага шәҟәқәа реиқәыршәара алшоит, аҳәынҭқарра аиҳабыра ақәҵара ала иаҧҵазар ашколаҿ изхысуа маҭәарцыҧхьаӡа (актәи инаркны ажәеизатәи акласс аҟынӡа) аҭакҧхықәра зыдҵоу аиҭагаратә гәыҧқәа. Иахьазы урҭ агәыҧқәа аус здырулаша амазеиқәа еиқәыршәоуп. Дара агәыҧқәа реиҿкаара ауп иаҭаху. Рҵага шәҟәык (маҭәарк) иазку  агәыҧ иалазар ауп ҩыџьа-ҩыџьа иреиҵамкәа абызшәа азҟазацәа, амаҭәар дзырҵо арҵаҩцәа аҧсуа бызшәа бзианы издыруа, иара убас амаҭәар заанаҭс измоу аҵарауаа абызшәагьы бзиан издыруа.

 Ҳәарада, азнык азын зыҩаӡара ҳаракӡоу арҵага шәҟәқәа раҧҵара шалымшо еилкаауп. Аҧхьатәи арҵага шәҟәқәас ахәбатәи акласс аҟны иалагалоу (хыхь зыӡбахә ҳҳәаз), шықәсыктәи аҧышәара ианахыслак, арҵаҩцәа иҟарҵаз азгәаҭарақәа рыла акомиссиа ахәаҧшны иандыриашалак, иҳауеит зхаҭара цәгьам, уи акласс иазку арҵага шәҟәы.

Убысҟан аҽа шықәсык анаҩс, ҳашколқәа зегьы рзын иҭҳажьыртә иҟалоит ахәбатәи акласс иазку арҵага шәҟәқәа. Ус шықәсык класск ацҵо ҳалагар жәашықәса рыла абжьаратәи аҧсуа школҵәҟьақәа ҳауратә иҟалоит. Ҳәарада, урҭ аҧхьатәи арҵагақәа наҟ-наҟ иҵегьы аус анрыдырулалак ауп зхаҭабзиара зҳараку ашәҟәқәа анҳауа, аха урҭ рыҟалара кыр аамҭа аҭахуп. Аҧышәа бзиа ҳамамкәа арҵага бзиақәа ҳзаҧҵом. (Ара арҵага бзиақәа ззаҳҳәаз амаҭәарқәа ишьҭырхуа адыррақәа рзы акәым, арҵагақәа жәарла еиқәшәо, аҧсуа бызшәа бзиала еиҿкааны иҟоу роуп ҳазҿу).

Абас иҟоу аус анагӡараз, иаҳзааиуа ашкол аҭаларатә шықәса азын Аҟәатәи ашкол-интернати, егьыс аҧсуа школқәа хҧеи рыҟны аҧышәаратә ахәбатәи аклассқәа аарттәуп. Урҭ ашколқәа рҟны наҟ-наҟгьы, иалаагало аҿыц маҭәарқәа аурысшәала идзырҵо аҧышәа змоу, аҧсуа бызшәа бзиан издыруа, абызшәа иазыҳаҵҳаҵо ракәхароуп. Урҭ ашколқәа иҧышәаган, арҵага шәҟәқәа раҧҵаразы ихәарҭа дуны иҟалоит. Уажәазы, аҧхынтәи аҧсшьара мшқәа ирылагӡаны, урҭ аҧшь-школк рыҟны ахәбатәи акласс аҟны аҧсышәала амаҭәарқәа дзырҵо мызктәи асеминарқәа рыла разыҟаҵара алшоит.

Аҧсуа бызшәала ихарҭәаау абжьаратә школқәа раҧҵара амилаҭ еиқәырхагоуп, хымҧада, инагӡатәу усуп.


Алеқсандр Чамагәуа, атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат