Print this page

Дыргеит Ҭамар Аҧсныҟа…

Абҵара 17, 2022 306

Абас  ахьӡуп  800 шықәса раҧхьа,  Аҧсҳа  Ҭамара  илызкны  иаҧырҵаз  ақырҭуа  жәлар рашәа.  Абри ашәа  ибзиан издыруа  рацәаҩуп  Қырҭтәыла,  имаҷым  Аҧсныгьы.  Абри ибзиан ирдыруеит  аҭоурыхҭҵааҩцәа шамахамзар,  амала сара џьаргьы исҧымлац  инарҵауланы  ашәа иахцәажәахьоу,  ҳәарада,  иҟазар акәхап  қырҭшәала  аусумҭа,  аха урҭ сара исыздыруам.

  Убас иҟалеит,  аҵыхәтәантәи аамҭазы  исызцәырҵит  агәаҳәара  Багратидаа,  аҭоурых аҟнытә  Аҧсҳацәа  ирызкны  аҩымҭақәа раҧҵара, иагьсылсыршеит  акык-ҩбак.  Абарҭ аҩымҭақәа санырҿыз,  иара уи ашьҭахьгьы  схы иҭыҵуамызт  акыр шықәса  раҧхьа,  зынӡаск санқәыҧшыз,  арадио ала  исаҳахьаз  абри ашәа.  Усҟан,  сара  Ҭамара  дшыздыруаз  ақырҭқәа  раҳкәажә  ҳәа акәын,  ус акәын  ишаадыруаз  аҧсуаа зегьы.  Амала  иҳаздыруамызт,  цқьагьы  ҳазхәыцуамызт,  избан  ақырҭқәа раҳкәажә Аҧсны дааганы анышә дзарҭаз.  Абраҟа маӡа дук шаҵаз  убартә ишыҟазгьы, дҟамлеит аӡәгьы (усҟан ҟалашьагь имамзар акәхарын) абри азҵаара  ганрацәала иҭызҵаауа.  Жәабаҟа  шықәса уажәы аҧхьа  исызцәырҵхьан  агәынамӡара  Багратидаа қырҭқәоуп  ҳәа  аҳәара  аҵыхәала,  аха  иҟамызт  џьара усумҭак абарҭ зыриашоз.  Иахьа  ҳара иҳамоуп  аусумҭа ду  В. Кәарҷиа ибзоураны,  даара аҵак ду амоуп  Д.  Чачхалиа  ицәыриго  аҭоурыхтә документқәа,  Багратидаа шаҧсацәаз  зҳәо.  Иара убас  Н.  Касланӡиа-ҧҳа, И.Марыхәба уҳәа  аҧсуа ҭоурыхҭааҩцәагьы  ишьақәдырҕәҕәо  иалагеит абри аҵабырг. 

  Аха убри аамҭазы  аӡәгьы ихахьы иааимгацт ашәа  "Ҵаиҟванес Ҭамар-қали  апхазеҭшьи иаанаго  аҧсуаа  ҳҭоурых аҭҵаара аҟны.

 Ақырҭуа  ҭоурыхҭҵааҩцәа  изларҳәо ала,  12-тәи ашәышықәсаз Ҭамара  Қырҭтәыла  "данахагылаз"  хьтәы  аамҭан  ақырҭуа жәлар рзы.  Аиашазы 12-тәи, насгьы  13-тәи ашәышықәса алагамҭазы,  иаҳараӡак  Ҭамара  Аҧсҳа  лхаан  дызхагылаз  аҳәынҭкарра  иаҵанакуан иахьатәи  Кавказ  зегьы, уи моу дызхагылаз  милаҭрацәа зҵазкуаз аҳәынҭқарра империа дуун, хымҧада.  Абас  ахьӡду змаз    аҳәынҭкарра,  даара ибеиахаз,  амч дугьы змаз  акакәын. Ақырҭқәа изларҳәо ала, хымҧада, иаалыкәыршан  итәан  ақырҭуа  ҭауадцәа дуқәа, ақырҭуа  ар  ҕәҕәаӡа знапаҵаҟа иҟаз.

1213  шықәсазы Ҭамара лдунеи лыҧсахуеит, дагьыргоит Аҧсныҟа.  Абас аҳәоит ақырҭуа жәлар рашәа. Шәахәаҧш иара атекст.  Аҧхьа ианысҵоит ақырҭуа вариант  аҧсуа алфавит ала,  нас сара ишсылшаз иеиҭаганы аҧсышәала.

"Ҵаиҟванес Ҭамар-қали аҧхазеҭшьи диело да… ҵаиҟ…

Ҵаиҟванес Ҭамар-қали аҧхазеҭшьи диело да… моҵме хар шьен сақарҭвело! Моҵме  хар шьен сақарҭвело!

Лурџьи цхьени шуказмес Ҭамар-қапса диело да… лурџьа… лурџьа ҵҟнеҭси… лурџьа ҵҟнеҭси шеуказмес Ҭамар Қалса диело да…

Моҵме хар шьен, сақарҭвело!

Дидубешьи иқорҵина Ҭамар-қали, диело да… диду… дидубешьи иқорҵина Ҭамар қалма, диело да…

Моҵме хар шьен, сақарҭвело! Моҵме кар шьен, сақарҭвело!"

Уажәы аҧсышәала  абри ашәа сара ишсылшаз ала еиҭаганы ишәыдызгалоит.

"Дыргеит Ҭамара-ҭыҧҳа Аҧсныҟа диело да… Дырга… дыргеит Ҭамар-ҭыҧҳа Аҧсныҟа диело да…

Ушаҳаҭуп уара, Қырҭтәыла! Ушаҳаҭуп уара,  Қырҭтәыла!

Аҽы иаҵәа лзыркәадырит Ҭамара ҭыҧҳа диело да… Аиаҵәа, аиаҵәа, Ҵҟнеҭҭтәи аиаҵәа, Ҵҟнеҭтәи лзыркәадырит Ҭамара-ҭыҧҳа диело да…

Ушаҳаҭуп уара Қырҭтәыла! Ушаҳаҭуп уара Қырҭтәыла!

Дидубе ачара лзыруит Ҭамара ҭыҧҳа диело да… Дид… Дидубе ачара лзыруит Ҭамара ҭыҧҳа, диело да… Ушаҳаҭуп уара, Сақарҭвело!

 Ушаҳаҭуп уара,  Сақарҭвело!

 Араҟа  ҳара ҳзы  аинтерес  ду  зҵоу  аҧхьатәи ацәаҳәақәа роуп.

"Дыргеит Ҭамара Аҧсныҟа, ушаҳаҭуп уара Қырҭтәыла".

 Иҟалап  иҟазар  иҵегь авариантқәа,  аха уи сара исыздыруам.  Сара схықәкы зызку  ашәа аҭҵаара ганрацәала акәӡам,  сара сзышьҭоу абри ажәлар рашәа  аҧсуаа ҳҭоурых шаанарҧшуа ауп. Ҳәарада, ари ашәа  аӡәы  инапы иҵихит ҳәа ишьазар, усҟан  гәыҩбарак узцәырнагар алшоит, аха ажәлар  рашәа аҟны,  хымҧада, дара шхәыцуаз  иккаӡа иаанарҧшуеит. Ажәлар рашәа  иазлаҳәо ала  Қырҭтәыла  Аҧсны акәӡам. Қырҭтәыла Аҧсны аҵанакуазар, усҟан изаҭахыз  Қырҭтәыла  шаҳаҭс аҟаҵара, насгьы абас ашәа ахҳәаара. Ҭамара диит, дагьааӡеит Қарҭ ақалақь,  убраҟа хаҵа дцеит, убра  аҳҭны  дтәан лыҧсҭазаара  зегьы. Аха данҧсы  дыргоит  Аҧсныҟа.Избан?

 Дауҭ актәи ицқьаны 900  шықәса раҧхьа, 1122 шықәса рзы  Қарҭ акалақь ицҟьа-шәҟьа иқәҵаны инапахьы иааигоит, иаарласынгьы аҳҭны-қалақь  Қәҭешьынтәи  Қарҭҟа ииаигоит.  Убри инаркн  хә-ҩык шәышықәса инацны Аҧсҳацәа тәан Қарҭ,  рызегьы рдунеи анырыҧсах  иааганы иржуеит Қәҭешь, (Гәыгәҭи, Гелаҭи).  Ҳара иаадыруеит, аҧсуа  аҳцәа  Гьаргәал  афбатәи  анышә дамадоуп  Марҭвили,  Леон  ахҧатәи – Мықә.  Баграт  аҩбатәи Бедиа, Баграт ахҧатәи (Багратид) Қәҭешь дыштәазгьы,  анышә дарҭоит  Марҭвили ауахәама аҟны, Гьаргь аҩбатәи (Гьаргәал  Ачба) ивара аҟны.  Аха  аӡәы заҵәыкгьы даанырмыжьит Қарҭ,  Қарҭ  аҧсуаа  аҳцәа  аҳҭны-қалақьны  иахьтәаз шәышықәса инахыҳәҳәо.  Абри афакт  иҿаҿаӡа  иаанарҧшуеит ҩ-зҵаарак, актәи  Аҧсҳацәа Қәҭешь  ҧсуа дгьылын  аҟнытә рыҧсцәа  ржыр ауан убраҟа,  аха  Қарҭ рнапаҟны ишыркызгьы ҧсыуа дгьылмызт дара рзыҳәа, рыҧсцәагьы ржра  ҵасмызт атәым дгьыл аҟны. Убри ахаҭа  иаҳәоит ақырҭқәа рашәа аҟынгьы,  ақырҭқәа ибзиаӡаны ирдыруан нхыҵтәи адгьылқәа шаҧсуа дгьылыз. Ажәак ала ажәытәан ажәаҩатәи ашәышықәсазы Аҧсни Қырҭтәылеи рҳәаа Лихтәи ашьхақәа ҳәа изышьҭоу шракәу.

Иахьа уажәраанӡагьы ишьақәгылан иҟоу ажәытәан Қәҭешь  аҧсуаа нхаӡомызт, уаҟа инхоз аимеретинцәа ракәын ҳәа  агәаанагара ҵаҵҕәыдоуп. Аимеретинцәа-ақырҭқәа уаанӡа инхозар  аҧсуаа рнышәынҭрақәа уаҟа  ҟалашьа амаӡамызт.  Аимеретинцәа ҳәа изышьҭоу ақырҭцәа  ихыҵны иааны инхеит 13-тәи ашәышықәсазы амонголцәа анрықәла, уаатәи аҧсуаагьы ишнеи-шнеиуаз иақырҭқәахеит.

Аҩбатәи  афакт:  Ҭамар-меҧе,  дақырҭуа ҧсҳазар, ақырҭқәа  аҳәынҭқарра дуӡӡа иҕәҕәаӡа икны итәазар,  ҟалашьас иамаз  даныҧсы днарымпыҵкәкәааны, ирмазҵааӡакәа  дааганы Аҧсны анышә дамардауа. Анхаҩ хархь иҧҳа  димхны  атәымуаа дырго иалагар драбашьуеит, араҟа ажәлар ду раҳ гәлымҵәах дрымхны ашьха дхыганы дырцәыргеит, аха ашәа лара Ҭамара  ишлзыркызгьы, рашәа аҟны ишлызхьаауагьы гәынамӡарак аҧсуаа рахь иаадмырҧшит. Ашәа, агәаҵәа зыҕроу,  иккаӡа инарбоит, Ҭамара-Аҧсҳа ақырҭқәа бзиа дшырбоз, аха дара дшыртәымыз милаҭла, ҳратәрала.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы,  ақырҭқәа ианеилыркаа аҧсуаа  аҿыхара ишалагаз, мцны еиқәырҽаҽоу  аҭоурых  рыҵыҵыр шалшо, ицәырыргеит даҽа ҩысҭаарак.  Аҧхази ҳәа  ажәытә документқәа ирну, уи ҳара ҳауп  ақырҭуаа, аҧхази ҳәа иахьа изышьҭоу аҧсуаауп ҳәа.  Абраҟагьы  абри хыхь зыӡбахә ҳҳәоз  ашәа  иҿаҧнаҽуеит.  Аҧхази  ҳәа изышьҭаз қырҭқәазар, нас Қырҭтәыла ашаҳаҭра заҭахузеи Ҭамара Аҧхазеҭиҟа лгара.


Иура Кәыҵниа